ААР аҳәаанырцәтәи астудентцәа жьҭаара 12 рҟынӡа Урыстәыла нрыжьроуп ҳәа ирҳәо ҿаԥнаҽуеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозобновление очного обучения в вузах
Возобновление очного обучения в вузах - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу аҳәаанырцә тәылауаа жьҭаара 13 рҟынӡа атәылаҿ рыҟазаара "дыргамартәроуп". Абри атәы аанацҳауеит УА ААР асаит.
"Урыстәыла аҵара зҵо аҳәаанырцә студентцәа жьҭаара 12 ашьҭахь атәыла аҵакыра аанрыжьроуп ҳәа аинтернет ҳақәа рҿы иҟоу аинформациа ҵаҵӷәыдоуп, ииашам", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿы ирҳәеит нанҳәа 17 аахыс Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахстан, Китаи, Монголиа, Аахыҵ Уаԥстәыла ртәылауаа рзы иаԥыхуп аамҭалатәи аԥкрақәа атәылаҿ аҟазаара аамҭазы.
Цәыббра 3 инаркны – Ермантәылеи Киргизиеи ртәылауаа рзы, цәыббра 13 инаркны егьырҭ атәылақәа ртәылауаа рызгьа аамҭалатәи аԥкрақәа аԥыххоит.
ДЖәР, ЛЖәР, Украина ртәылауаа Урыстәыла аҵакыраҿы иҟазар рылшоит ԥкрада атәыла ахада иусԥҟа инақәыршәаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0