Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент ашәахтә закәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥнаҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Анапаҵаҩра
Агәыԥ хықәкыс иамоуп ашәахтәқәҵара аусхк аҟны азакәанқәа рыҩра, апроектқәа еиқәыршәаны 2023 шықәса хәажәкыра 1 рҟынӡа ицәырыргароуп.
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара ашәахтә усхк аҿы азакәанԥҵара аус адызулаша аусутә гәыԥ аԥнаҵеит.
Агәыԥ иалоуп адепутатцәа, ахада иусбарҭа, Аминистрцәа реилазаара, Агәаҭаратә палата, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата русзуҩцәа, иара убас аҵарауаа-аекономистцәа.
Агәыԥ ахантәаҩыс даиуит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Апарламент аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
Маршьан иажәақәа рыла, аусутә гәыԥ хықәкыс иамоуп Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рҿы ашәахтәқәа ԥсшьараамҭа арежим алагаларазы азакәан аԥҵара, мрагыларатәи Аԥсны анаплакытә усура арҿиаразы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара, мрагыларатәии мраҭашәаратәии ахәҭақәа ҵакыра реицәыхарара армаҷра.
Иара иазгәеиҭеит ари аҩыза азакәан апроект иақәшаҳаҭхар, "зыӡбахә ҳәоу араионқәа ирықәырҵо ашәахтәқәа зыԥҵәак ала иҟалоит - уи ноль акәхоит, Аԥсныҟа атауарқәа ралагалараан иақәырҵо ашәахтә аламҵакәа". Маршьан ишиҳәаә ала, ашәахтә ԥсшьараамҭа иақәшәоит ҿыц иҭарҩыз анаплакқәа заҵәык, урҭ рсиа адокумент ианылоит.
"Азакәан апроект хықәкыс иамоуп анаплакцәа арҭ араионқәа рхарьџ аларҵарц азы агәаҳәара рызцәыргара", - иҳәеит адепутат.
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Аԥсны
Жәлар Реизара Ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0