Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы алабораториа аартхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская детская больница.
Республиканская детская больница. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит. Аусбарҭа аусушьа атәы аминистр изеиҭалҳәеит аҳақьым хада и.н. Инесса Камлиаԥҳа.
АҞӘА, абҵара 23- Sputnik. Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы алабораториа аартразы атәыла анапхгара аԥара азоурыжьуеит, абри атәы иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Быҭәба иҳәеит 5,3 млн мааҭ рыхә ахархәагақәа шаахәо.
Быҭәба иазгәеиҭеит алабораториа аусура ашьҭахь аҭҵаарақәа рымҩаԥгара шырццакхо.
"Уажәшьҭарнахыс ишәоуеит алшара ҳаамҭа иақәшәо ахархәагақәа рҟны агематологиатәии абиохимиатәии анализқәа раҭаразы", - иҳәеит Быҭәба.
Уи адагьы атәыла ахада идгыларала ахәшәтәырҭа хара имгакәа иаиуеит автомобиль-минивен.
Едуард Быҭәба иҳәеит аминистрра аҽшазнашәо урыстәылатәи аҳақьымцәа аԥснытәи ахәшәтәырҭақәа рҿы рыҷаԥшьара аиҿкаара. Иара иҳәеит ахәшәтәырҭа аҭахрақәа реиқәыԥхьаӡа аминистррахь инашьҭызарц.
Инесса Камлиаԥҳа иазгәалҭеит ахәшәтәырҭаҿ ахәыҷқәа шырацәо, амбулатортә хәшәтәра аиԥш астационартә хәшәтәрагьы зҭаху. Убри аан илҳәеит акадрқәа разымхара шыҟоу, аоперациа хкқәак рымҩаԥгаразы иахәҭоу ахархәагақәа шрымам.
Лечение больных с Covid-19 в больнице скорой помощи в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Аԥсны
Башкириатәи аҳақьымцәа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҟны мызкы аус рулоит
Ажәабжьқәа зегьы
0