Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара аанызқьҩык иреиҳахахьеит

© AFP 2023 / OMAR HAJ KADOURНа этом снимке с воздуха показаны жители, ищущие жертв и выживших среди обломков разрушенных зданий после землетрясения в деревне Бесния недалеко от города Харим в удерживаемой повстанцами северо-западной сирийской провинции Идлиб на границе с Турцией, 6 февраля 2022 года.
На этом снимке с воздуха показаны жители, ищущие жертв и выживших среди обломков разрушенных зданий после землетрясения в деревне Бесния недалеко от города Харим в удерживаемой повстанцами северо-западной сирийской провинции Идлиб на границе с Турцией, 6 февраля 2022 года. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2023
Анапаҵаҩра
Имаҷны адгьылҵысрақәа макьаназгьы имҩаԥысуеит, жәабран 8 рзы Ҭырқәтәыла еиҭах иазгәаҭан зымчра 4,6, 4,8 балл иҟаз адгьылҵысрақәа.
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара аанызқьҩык ирыцуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыԥхьаӡара 6 957-ҩык ыҟоуп, еиуеиԥшым ахәрақәеи аахақәеи роуит 38 224-ҩык.
Аџьар ҟаԥшьи Амзаҿа ҟаԥшьи Жәларбжьаратәи рфедерациа аинформациала Шьамтәыла иҭахеит 1,5 нызқьҩык инареиҳаны, ахәрақәеи аахақәеи роуит 3,5 нызқьҩык.
Зымчхара 7,7 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла апровинциа Кахраманмараш аҿы жәабран 6 рзы. Ари 1939 шықәса раахыс реиҳа иӷәӷәаз дгьылҵысроуп.
Последствия землетрясения в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2023
Аԥсны
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа адгьылҵысраан ааха зауз ацхыраара рнаҭоит
Арыцҳара Ҭырқәтәыла аиԥш Шьамтәыла, Ливиа ирнырит. Адгьылҵысра ахыԥша Аԥснынӡагьы иааӡеит.
Зқьыла ахыбрақәа еиларбгоуп. Аиқәырхаҩцәа иахьа уажәраанӡагьы ауаа аилабгаррақәа ирыҵыргоит. Ацхыраараз уахь инеит егьырҭ атәылақәа. Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа аус руеит Кахраманмараш иахьаҵанакуа. Дамаск иҟоу аԥсуа цҳаражәҳәарҭа цхыраагӡак аҳасаб ала 10 миллион шьамтәылатә лир ҟарҵеит ( 100 000 мааҭ).
Ажәабжьқәа зегьы
0