Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥысит амузыкатә проект "Apsny-Star” раԥхьатәи аконцерт

© Sputnik / Томас Тхайцук Первый концерт Апсны Стар
Первый концерт Апсны Стар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысран иҟан жәабран 24 рзы, аха атехника аусура аиԥҟьара иахҟьаны иахыган.
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә проект "Apsny-Star” раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ аҩаша, жәабран 28 рзы.
Асценахь ицәырҵит 15-ҩык аконкурсантцәа, дара инарыгӡеит рхала иалхны зҽыззыҟарҵаз ашәақәа.
Амузыкатә прдиусер, ажиури алахәыла Анри Гәымба иазгәеиҭеит апроект ззырхоу аԥсуа естрадаҟны ашәаҳәаҩцәа ҿыцқәа рцәыргара шакәу.
"Ҳгәыӷуеит жәашықәса рыла иаҳдырырц зыхәҭоу иқәыԥшу абаҩхатәра злоу цәырҵит", - ҳәа иҳәеит иара.
Раԥхьатәи аконцерт аҟны арҵаҩцәа Ильда Кәычбериаԥҳа, Саида Агрԥҳа, Фаиа Мархолиаԥҳа ргәыԥқәа рахь иалырхит хәҩык-хәҩык ашәаҳәаҩцәа.
Ашәаҳәаҩцәа рҟазара ахәшьара арҭон ажиури - акомпозитор Анри Гумба, Аԥсны жәлар рартист Наниель Бжьаниа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла асолист Алхас Ферзба. Аицлабра аиҿкааҩцәа рыӡбамҭала есконцерт ажиури алахәылацәа аӡәы дрыԥсахлоит.
Кастинг на ApsnyStar - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Аԥсны
Еилкаахеит "Apsny-Star" актәии аҩбатәии асезонқәа рлахәылацәа рыхьӡқәа
Саида Агрԥҳа лгәыԥ иалахәуп - Аслан Шьакаиа, Амина Џьарсалиаԥҳа, Миранда Мархолиаԥҳа, Самвел Миракиан.
Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ алахәылацәа - Елана Кәарҷиаԥҳа, Лола Ҟалӷьԥҳа, Асҭамыр Вартанов, Адгәыр Лазариа, Иракли Џьумуҭиа.
Фаиа Мархолиаԥҳа - Алан Беслан-иԥа, Викториа Лабиаԥҳа, Нар Нанба, Софиа Миаукина.
Анри Лакашьиеи Шихан Сиргинавеи арҵаҩцәа аӡәгьы иалимхӡеит, аха аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны машәырлатәи аҵәҭаԥсарала Фаиа Мархолиаԥҳаи Саида Агрԥҳаи ргәыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0