Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афон Ҿыц хаҵак амашьына дашьит

© SputnikМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Анапаҵаҩра
Афон Ҿыц ахаҵа машьынала дисит Аҟәа аамҭала инхо Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс.
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik, Бадри Есиава. 1958 шықәсазы ииз, Афон Ҿыц инхоз ахаҵа ашәахьа ауха амашьына дашьит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа ААР аиҳабы Зосма Гыцба.
Иара иҳәеит ахҭыс шыҟалаз ареспубликатә мҩаду 82-тәи акилометр аҿы, Сталин идача ааигәара. Ахаҵа ареспубликатә хәшәтәырҭахь дышнаргазгьы дырзеиқәмырхеит.
Гыцба иажәақәа рыла, аԥсҟы зкыз анаркодиспансер ахь днаган, ишьақәыргылан арыжәтә ыжәны дшыҟамыз.
Амҩан иҟалаз амашәыр аганахь ала макьаназ аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит, ашьаус хацыркым иҳәеит Гыцба.
Ажәабжьқәа зегьы
0