Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акоммуналтә маҵзурақәа Аҟәа, Аҳабла Ҿыц аҟны аҵлақәа рхырффара иалагеит

© Foto / Пресс-служба Администрации СухумаНачалась обрезка деревьев в Новом районе Сухума
Началась обрезка деревьев в Новом районе Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Анапаҵаҩра
Аҵлақәа рсанитартә хырффарази амҩақәа ррыцқьарази аусурақәа мҩаԥысуеит Аҳабла Ҿыц аҟны.
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Акоммуналтә маҵзурақәа Аҟәа, Аҳабла Ҿыц аҿы аҵлақәа рсанитартә хырффареи еималан иҟаз амҩақәа ррыцқьареи иалагеит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аусбарҭа №5 аиҳабы Едуард Ҳашба иҳәон аҵлақәа атроллеибусқәа рныҟәара иаԥырхагахо иҟалахьан ҳәа.
"Атехника ҷыда ахархәара аҭан. Ааигәа иааҳхәаз агреидер амҩақәа ррыцқьараҿы акыр ихәарҭоуп. "Ветерок" инаркны актәи ахыкәшарҭаҟынӡа ӡырчроуп. Зегь ҳрыцқьеит. Анаҩс амҩа арҭбааразы ахаҳәсса ықәҳаԥсоит. Абарҭқәа рышьҭахь ашьаҟауаа рныҟәарҭагьы нап алаҳкуеит", - иҳәеит иара.
Ҳашба иҳәеит аусурақәа араион зегь шрыҵаркуа.
Уи адагьы азхьаԥшра рыҭан аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҿы еиҿкаау ауҭрақәа. Урҭ ауадаҩрақәа рыҵоуп – атехника ҷыда аҩнахьы изнеиуам, ахәаҷа-маҷа дырҿиоит ҳәа иҳәеит иара.
"Акырҵуеит ари аус ҳаҿуижьҭеи. Ауааԥсыра аҿагылара ҳарҭоит. Аибашьра ашьҭахь изышьцылоу ҟарҵоит. Дара иртәушәа рбоит арҭ адгьылқәа", - иҳәеит аҩнусбарҭа аиҳабы.
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Аԥсны
2022 шықәсазы 200 инареиҳаны хыбра рҽеиуп Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0