Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Очамчыра араион х-қыҭак рыҟны аҵҩаа абылра иаҿуп

© Foto / МЧС АбхазииПять гектаров сухостоя загорелись в Очамчырском районе
Пять гектаров сухостоя загорелись в Очамчырском районе - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Анапаҵаҩра
Ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Мықә рыҟны аа-гектарк аҵҩаа абылра иаҿуп, анхарҭа ҭыԥқәа рахь ашәарҭара ыҟаӡам.
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Амца зкыз аҵҩаа иамҽханакит Очамчыра араион х-қыҭак Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Мықә ҳәа ааицҳаит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Иара иажәақәа рыла, амцакра ахы ахьыҵнахыз Аӡҩыбжьа ақыҭан идырцәахьеит, Мықәи Маркәылеи аиқәырхаҩцәа ргәыԥ аус руеит.
Амцакра ауаҩԥсы ихҟьеит ҳәа иҳәеит Ԥачулиа. Уажәы ибылхьоу аа-гектарк ыҟоуп, анхарҭа ҭыԥқәа рахь ашәарҭара ыҟаӡам.
Ажәабжьқәа зегьы
0