Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Ҟәыруа Маҷара иху аихамҩатә цҳа аиҭашьақәыргыларазы: ибзиоу ус дууп

Ҟәыруа Маҷара иху аихамҩатә цҳа аиҭашьақәыргыларазы: ибзиоу ус дууп
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Маҷара аӡиас иху аихамҩатә цҳа еиҭашьақәыргылоуп. Аҭыԥантәи аҟазацәа Урыстәылантәи рколлегацәа рыцырхрааны иазгәаҭаз аусқәа зегьы еиҿыркааит. Ари аус иақәдырӡыз аамҭеи ахарџьи, хықәкыла ирыԥсахыз, шаҟа ҵуаз шьаҭанкылатәи аусурақәа уаҟа имҩаԥымсижьҭеи ртәы еиҭеиҳәеит Аԥсны аихамҩа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Аԥсны аихамҩа аҟазауаа Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи ирыԥсахит ибаахьаз 140 шпала аихабетон иалхыз рыла, 25 метра иҟаз арельс, 12 метра аиԥшьырҭа, ириашоуп амҩақәа. Уаанӡа Маҷара иху ацҳа шьаҭанкылатәи арҽеирақәа азырымуцызт.
"Аҟәеи Очамчыреи рыбжьара аибашьра анцоз иԥжәаз ԥшь-цҳак шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара аҭахуп, аха макьана ҳамч зақәхом. Ус шәарҭарада аидара амҩангаразы иҟоуп аҭыԥқәа еснагь ҳацклаԥшуа, аццакра рмаҷны иахьныҟәатәу. Маҷара иху ацҳа ахаҭа цәгьаӡам, ааха амаӡам, аха ашпалақәа иԥхасҭаз рацәан. Аиашазы, ацҳаҟны аусура даара иманшәалаӡам. 250 кьыла иҟоу абетонтә шпалақәа напыла ишьҭыхны арельсқәа ирыҵаҵаны иԥсахын. Урыстәылантәи аҟазацәа ааҳгеит, ҳаҷкәынцәеи дареи еидгыланы инарыгӡеит ари аус…Ус дууп, ус бзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Ҟәыруа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0