Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Абаза ТВ" иднарбеит 1993 шықәса марттәи ажәылара иазку адокументалтә хроника

© Foto / Марина БарцыцПереход реки Гумиста
Переход реки Гумиста - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2023
Анапаҵаҩра
Адокументалтә хроника "Ахьаа иаиааиз анацәа" дырбан, Гәымсҭатәи афронт аҟны аԥсуа ар имҩаԥыргаз марттәи ажәылара иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. "Абаза ТВ" иднарбеит 1993 шықәсазы марттәи ажәылара ашьҭахь иҭахаз аибашьцәа ранацәеи рабацәеи алархәны имҩаԥгаз Аԥсны ауаажәларра реизара аҭоурых иазкны адокументалтә хроника.
Акадрқәа ҭыхын 1993 шықәса хәажәкыра 18 - 25 рзы илыҵшәадахаз марттәи ажәылара ашьҭахь. Усҟан иҭахеит 222-ҩы, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык.
Гумиста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Аԥсны
Ҳаҟанаҵ, иаҳхашҭран ҳаҟаӡам: Марттәи ажәылараан иҭахаз ҳаибашьцәа ргәалашәаразы
Аԥсуа жәлар рзы, ари зегь раасҭа ишьаарҵәыроу рыцхәны иаанхоит аибашьра аҭоурых аҟны. Ауаажәларра ргәашьамх рыҵнахит.

"Аибашьра иара ахатәы ԥҟарақәа амоуп, аӷа абарҭқәа зегь еилаганы аԥсцәеи ахәҵәеи ҳаимҭарц далагеит. Аиҿцәажәарақәа цон, ақырҭқәа иаҳа-иаҳа амшқәа ирнахон. Ишдыру еиԥш, аибашьраҿ иҭахаз ҳара ҳҵасқәа ишрықәнагоу еиԥш, афырхаҵа анышә дамадатәуп, аха урҭ ус алшара ҳарымҭеит. Ақырҭуа ган гәҭакыс ишьҭнахит - ажәлари анапхгареи реиҿаргылара. Ари даҽа еибашьран - аԥсихологиатә", - ҳәа иҳәеит "Абаза ТВ" адиректор Руслан Ҳашыг.

Убысҟан ауп ажурналистцәеи аинтеллигенциа рхаҭарнакцәеи аҭаҩра ианалагаз, ажәлар ргәы шьҭызхуа ажәа аҳәара зылшоз, иҭахаз рҭынхацәеи ажәлар рыҟны ҳаҭыр зқәыу ауааи.
Хәажәкыра 20 1993 шықәсазы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсуа ар Иреиҳаӡоу адҵаҟаҵаҩ Владислав Арӡынба. Хәажәкыра 25 рзы Гәдоуҭа имҩаԥысит ажәылараан иҭахаз рҭаацәа рԥылара. Уаҟа иқәгылеит Аԥсны анапхгара, иҭахаз рыуацәа, аԥсуа еибашьцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа. Аиԥылара иалахәыз еицҿакны ирҳәон аибашьра аҵыхәтәанынӡа ишынагӡатәу, аӷа ҳаԥсадгьыл дшықәцатәу. Ҳашыг иазгәеиҭеит, анацәа ишрылшаз рхьаа иаиааины, аԥсуа жәлар аиааирахь иназгоз рымҩа аартра.
Арџьениа Марттәи ажәылара ашьҭахьтәи ахҭысқәа рзы: аԥышәара аамҭа ҳажәлар иаҳа еиднакылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Арадио
Арџьениа Марттәи ажәылара ашьҭахьтәи ахҭысқәа рзы: аԥышәара аамҭа ҳажәлар иаҳа еиднакылеит
Адокументалтә хроника "Ахьаа иаиааиз анацәа" дырбан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны Гәымсҭатәи афронт аҟны аԥсуа ар имҩаԥыргаз марттәи ажәылара иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0