Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҟны арыцқьарақәа мҩаԥыргеит

© Foto / Сабина ЛободаПицундско-мюссерский заповедник
Пицундско-мюссерский заповедник - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2023
Анапаҵаҩра
Шәҩык инарзынаԥшуа арыцқьарақәа рхы рыладырхәит Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҟны.
АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Лӡаа ақыҭа абнахылаԥшра иахьаҵанакуа амҽыша, мшаԥы 9 рзы арыцқьарақәа мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Сабина Лобода.

"Ҳара абнахылаԥшырҭақәа ҩба ҳамоуп - Пицундатәии Лӡаатәии. Рыҩбагь рыҟны аԥсамзеи ашыци агылара иаҿуп. Иацы арыцқьарақәа ахьымҩаԥаҳгаз ашыц аизҳара иаҿуп. Ҳара ари аҭыԥ иахьаҵанакуа ишақәнагоу иҟалар ҳҭахуп. Анаҩс ҳгәы иҭоуп ашыц ахьчара, дара макьана ихәыҷуп азын иубарҭаӡам. Ауаа, арахә ршьапы иаҵаҟьацыр ҟалоит. Аҵакыра рыцқьаны акыдҩыларақәа кнаҳатәуп", - ҳәа лҳәеит лара.

Арыцқьарақәа ирылахәын Лӡаа ақыҭа ахадара, аҳәырԥсарра аусзуҩцәа, ақыҭа ашколхәыҷқәа, иара убас Пицунда ақалақь ауааԥсыра уҳәа, шәҩык рҟынӡа аԥсабара згәы азыбылуаз.
Лобода лажәақәа рыла, 40 кьыла зкуа агәамсам зҭарыԥсуа ааҵәақәа 200 рҟынӡа аҟьамсар еизыргеит, иара убас еиуеиԥшым аихаҷамаҷеи аргыларатә маҭәахәқәеи.
"Ари аҭыԥ аҟны агәамсам еизеит аибшьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рыҩнуҵаҟа. Пицунда агәамеизакырҭа злаҟам ала, аҭыԥантәи анхацәа араҟа ҭыԥс иалырхит. Сгәы иаанагоит икажьыз аҟынтәи 30% агәамсам ықәаагеит ҳәа. Аха макьанагьы иҵегь нханы иҟоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
© Foto / Сабина Лобода

Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҟны арыцқьарақәа мҩаԥыргеит

Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҟны арыцқьарақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

Амҩаду инаваршәны агәамсам ахькажьу афасара еизҳаит, Лӡаа ақыҭа ахадара ирҳәеит арҭ аҭыԥқәа рыҟны иҷыдоу атехникала ишыдрыцқьо азы. Иара убасгьы ақыҭа анапхгара амашьына рырҭеит еизыргаз абзазаратә гәамсам акажьразы.
Аҳәырԥсарра аусзуҩ иара убасгьы иазгәалҭеит, аиԥш зеиԥшу акциа раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥыргаз, аха ишҵыхәтәантәимхо.
Рицинский нацпарк приводят в порядок после снегопадов - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2023
Аԥсны
Риҵатәи апарк иахьаҵанакуа арыцқьарақәа ирылагеит
"Пицунда ҳара ҳҟны, абар хәы-шықәса раахыс арыцқьарақәа мҩаԥаагоит, аха ҽнакала ҳалгон. Лӡаа убысҟаара ирацәоуп еизаз аҟьамсар, даҽа сабшакгьы ҳҭыҵны иаҳрыцқьароуп", - лҳәеит лара.
Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы иазгәалҭеит аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа ааиаанӡа, даҽа ҩынтә-хынтә арыцқьарақәа рымҩаԥгара ргәы ишҭоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0