Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР аҿы ирҳәеит зықәра намӡац шаҟаҩы ашәҟәы иҭагалоу

© Sputnik / Леон Адлейба Сотрудник МВД Абхазии
Сотрудник МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Еиуеиԥшым азинеилагарақәа рзы зықәра намӡац 39-ҩык ашәҟәы иҭагалоуп, абри атәы лҳәеит "Аԥсны Иахьа" аинтервиу азҭаз Аԥсны ААР зықәра намӡац русқәа рзы аҟәша аиҳабы Алина Худиакова.
Лара лажәақәа рыла, ашықәс иалагазар ақәыԥшцәа (14 - 18 ш.) злахәыз ацәгьоурақәа ааба аҭыԥ рыман, ииасыз ашықәс иара абри аамҭазы – 6.
"Ацәгьоурақәа ԥшьба Аҟәа ақалақь ААР аҟны аус рыдырулоит, 3 – Гагра араион ААР аҿы, цәгьоурак мҩаԥган Гәылрыԥшь араион аҟны", - лҳәеит Худиакова.
Ацәгьа зуа ақәыԥшцәа рганахьала аиҳарак аҭаацәа ма рбикунцәа хылаԥшра ҟарҵаларц аӡбра рыдыркылоит. Аха, уажәазы аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы ҩыџьа ҭакуп.
Худиакова илҳәеит ареспубликаҿ аҭаацәаратә уалԥшьа нарыгӡом ҳәа 31-ҩык ани-аби ашәҟәы ишҭагалоу.
"Иахьазы ареспубликаҿ аҭаацәаратә уалԥшьа нарыгӡом ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп 31-ҩык ани-аби. Урҭ рыбжаҩык административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп. Аҭаацәа ахараԥса рықәҵоуп, азинмчра змоу амилициа аҭыԥантәи ахылаԥшцәа рхылаԥшуеит", - лҳәеит лара.
Алина Худиакова лажәақәа рыла, аҩы зжәуа, анаркотикқәа здызкыло, анаркодиспансер аҟны ашәҟәы иҭагалоу аҭаацәарақәа ыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0