Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны хәымзтәи аҳазатә шәарақәа миллиардки 160 миллиони ирхыҳәҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Деньги
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса лаҵарамзазтәи аҳазатә шәарақәа идыртәеит 270,2 миллион мааҭ.
АҞӘА, рашәара 6- Sputnik. Аԥсны хәымзтәи аҳазатә шәарақәа миллиардки 160,8 миллиони ирхыҳәҳәеит планла миллиардки 053,0 миллион мааҭ ахьарбаз, абри атәы аанацҳауеит ареспублика Аҳазалхратә еилакы.
Аплан 10% рыла иацны инагӡоуп.
Ииасыз ашықәс абри аамҭазы алагалақәа миллиардки 053,0 миллион мааҭ ыҟан.
2023 шықәса лаҵарамзазы планла иарбаз 233,1 миллион мааҭ рцынхәрас алагалақәа 270,2 миллион мааҭ ҟалеит, аплан 16% иацны инагӡахеит. 2022 шықәса лаҵарамзазы иалагалан - 223,8 миллион мааҭ.
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2023
Аԥсны
Хәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәшәарақәа рыплан 33% рыла инагӡоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0