Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гындиа аицлабра "Сара сышкол" азы: ас амҽхак шыӷәӷәахоз ҳаргьы иҳаздырӡомызт

Гындиа аицлабра «Сара сышкол» азы: ас амҽхак шыӷәӷәахоз ҳаргьы иҳаздырӡомызт
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҿы имҩаԥгаз аицлабра "Сара сышкол" аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Араион аҵараҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи алҵшәақәа ртәы.
Апроект "Сара сышкол" Очамчыра араион ахада иаԥшьгамҭоуп. Иара Аиааира 30 шықәса ахыҵреи, Ахьыԥшымра 15 ахыҵреи иазкуп. Аицлабра иалахәын 27 школи, ахәыҷбаҳча "Аӡыхьи", аҟазаратә школи, ацентралтә библиотекеи ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гындиа.
"Аицлабраҿы ашколқәа рҭоурых ӡырган авидеороликқәа рыла. Еицырдыруа ашкол аушьҭымҭацәа рыӡбахә ҳәатәын. Авидео иабзоураны иара ашкол ҳааӡазшәа зегьы ҳаилыркаан, избанзар, ашкол ауасхыр анышьҭаҵаз инаркны иахьа уажәраанӡа аҭоурых аарԥшын. Зегьы ашкол аԥсҭазаара иадҳәалазшәа ацәанырра ҳазцәырнагеит", - еиҭеиҳәеит Гындиа.
Араион аҵараҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, аӡбаҩцәа зегьы иалыркааит Ҷлоутәы ашкол, избанзар, рықәгылара зегьы жәеинраалала еиҿартәан. Гындиа еиҭеиҳәеит иалкааз ашколқәа ҳамҭас ирыҭаз атәы, насгьы аицлабра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0