Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи аруаа Каховтәи ГЕС иалахысит: ихадоу

© Foto / Администрация городаВ Новой Каховке началась эвакуация из подтопленных зон после обстрела ГЭС
В Новой Каховке началась эвакуация из подтопленных зон после обстрела ГЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
Анапаҵаҩра
Каховтәи ГЕС — Днепр аӡиас аҿы аӡеихыҽҽарақәа афбатәи ацәаҳәоуп. Аӡеизакырҭа амҽхак 2155 км² иҟоуп, 13 миллиард кубометр аӡы ҭоуп.
АҞӘА, рашәара 6- Sputnik. Украина УАМ иаха Каховтәи ГЕС иалахысит, аԥхасҭа аҭоуп аӡкыра ахәҭак, аха аӡыхкыра ԥырхага амоуит.

Аӡхыҵра ҟалар алшоит 14 еиланхарҭа аҵакыраҟны, уаҟа 22 000-ҩык ауааԥсыра нхоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Херсонтәи аобласт ахада.

Аӡы 10 метрак ишьҭыҵхьеит Новаиа Каховка аҿы, 8 метрак – Днеприаны аҿы, 5,3 метра - Корсункаҿы. Асеиԥш аҭагылазаашьа 72 сааҭ рҟынӡа иаанхоит.
Новокаховтәи ақалақьтә округ ахада Владимир Леонтьев иажәақәа рыла, ГЕС аремонт аҟаҵара залшаӡом, ҿыц еиҭаргылатәхоит.
"Новаиа Каховка иахьа асааҭ 10:15 рзы: аӡы аҩеира иаҿуп, арҭ араионқәа рҟынтәи ауааԥсыра ралгара еиҿкаауп", - иҳәеит ачынуаҩ.
Каховтәи ГЕС — Днепр аӡиас аҿы аӡеихыҽҽарақәа афбатәи ацәаҳәоуп. Аӡеизакырҭа амҽхак 2155 км² иҟоуп, 13 миллиард кубометр аӡы ҭоуп.
Новаиа Каховка аҟынтә 5 километрак бжьоуп. Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны урыстәылатәи аруаа астанциа хылаԥшра арҭон. Украинатәи амчрақәагьы абри аамҭазы ГЕС иаехсуан. Жьҭаарамзазы Урыстәыла ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак ахь ашәҟәы нанашьҭит афымцастанциа адамба аехсра алыдмыршарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0