Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷыҭанаа атуризм аусхк азы: уажәраанӡа иақәнагоу аҿиара амам Аҟәа араион аҟны

Ҷыҭанаа атуризм аусхк азы: уажәраанӡа иақәнагоу аҿиара амам Аҟәа араион аҟны
Анапаҵаҩра
Атуризм аусхк арҿиаразы Аҟәа араион аҿы иахьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иҿыцу аргылара мамзаргьы уаанӡа иҟаз ԥсшьарҭақәак реиҭашьақәыргылара азгәаҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Аҟәа араион аҟны атурист иԥсы ахьишьаша аҭыԥқәа даара имаҷуп, ҳәа азгәеиҭеит араион ахада.
"Иахьазы араион аҟны жә-хыбрак ҳамоуп. Уажәы мызкы-ҩымз ирылагӡаны обиектқәакгьы рыргылара иаҿуп, аха урҭ маҷуп. Зныкала аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы 250 ҭыԥ роуп араион аҟны иахьазы иҟоу. Уи ҵыԥх Ӡыгәҭа ақыҭаҟны иаадыртыз "Гаруда Глемпинг", абжеиҳараҩык аԥсшьаҩцәа здызкыло, иара убас хаҭалатәи анаплакыҩцәа рсасааирҭақәа ҩбы ыҟоуп араион аҟны, насгьы ауаа рыҩнаҭақәа рҟны аҭыԥқәа азыҟаҵаны ирымоуп аԥсшьаҩцәа рзы. Араион алшара атәы уҳәозар , даара идууп, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ари ахырхарҭа (атуризм) иахьа уажәраанӡа иақәнагоу аҩаӡара амаӡам, ицәгьахеит аус аҿиара",- иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0