Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

70 миллион мааҭ Гәдоуҭа араион аиқәыршәазаараз иазоужьҭхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦентр города Гудауты
Центр города Гудауты  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы ашәахтә аизгара ауснагӡа иарбаз ахыхь еизыргаз иабзоурахеит Гәдоуҭа араион абиуџьет аныхтә аасҭа еиҳахаз ахашәала 69 миллион мааҭ.
ГӘДОУҬА, рашәара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь аиқәыршәазаареи Аиааира аныҳәа азгәаҭареи рзы араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп 69,7 миллион мааҭ. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араионтә еизара ахантәаҩы Валери Малиа.

Иара иазгәеиҭеит арҭ аԥарақәа 2022 шықәсазы ашәахтә аизгара ауснагӡа иарбаз ахыхь еизыргаз иабзоураны ари ашықәс ахь ишиасыз. Аҭыԥантәи аизара адепутатцәа реилатәараҟны аныхтә азы адокумент рыдыркылеит.

"Араионтә еизара реилатәара ҟалаанӡа арҭ апунктқәа араион ахадеи, абиуџьеттә комиссиеи, афинанстә ҟәшеи, сареи еицҭаҳҵааит. Адокумент аԥсахрақәак алагаланы ирыдыркылеит", - иҳәеит Малиа.
Араионтә еизара ахантәаҩы дырзааҭгылеит хадаратәла аԥара зыхҭынҵахо ртәы:
Гәдоуҭа араион ахадара арезервтә фонд харҭәаахоит 850 нызқьмааҭ рыла;
гәдоуҭатәи 5-тәи абжьаратә школ шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы - ф-миллион мааҭ;
авидеорбагатә камерақәа рыла аиқәыршәараз - 360 нызқь мааҭ;
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа ацрыӡмҩангагақәа шьаҭанкыла рыԥсахразы - хә-миллионмааҭ;
Гәдоуҭатәи аполиклиника ахыби афымцацәаҳәақәеи рыԥсахразы - 300 нызқь мааҭ;
Ленин ихьӡ зху апарк ашьаҟамҩа аҟаҵаразы - х-миллионмааҭ;
Абӷархықә ақыҭан аҟазацәа адгалан ацҳа аиҭашьақәыргыларазы - 3,5 миллионмааҭ;
амшын аԥшаҳәа арҭбаараз аусурақәа апроект ашьақәыргыларазы - 1,5 миллионмааҭ;
Бамборатәи абжьаратә школ ашьышьмаҭра ахыбра ахыркәшаразы - 600 нызқьмааҭ
Гәдоуҭатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша ахыбра афымцацәаҳәақәа рыԥсахразы - 120 нызқьмааҭ;
уалла иаахәаз ахаҳәцәы ахә ашәаразы - 1,4 миллионмааҭ;
ареспубликатә мҩаду хада амшын аԥшаҳәала арыцқьаразы - ԥшь-миллионмааҭ;
ақалақь аҩнуҵаҟа амҩадуқәак реиҭашьақәыргылареи ацәаҳәақәа рылдареи рзы - 3,4 миллионмааҭ;
Аиааира амш азгәаҭаразы - 1,5 миллионмааҭ;
Гәдоуҭатәи амузеи азы аԥсуа револиуционер иҩнымаҭәа аиҭашьақәыргыларазы - 200 нызқьмааҭ;
Кәланырхәа аӡымҩангага арҽеиратә усурақәа рзы - 830 нызқьмааҭ;
Ашьапылампылтә клуб "Афон" руалафахәы ашәаразы - 500 нызқь мааҭ.
Прокладка водопровода в селе Баслата - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2023
Аԥсны
Ҟәланырхәа ақыҭаҿы адгьылҳәазара иахҟьаны ааха зауз аӡымҩангагатә цәаҳәа аремонт ҟарҵеит
Иааизакны Афон ҿыц иазоурыжьуеит 10 миллион мааҭ. Уахь иахыԥхьаӡалоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира азгәаҭаразы 1,5 миллион мааҭ, 250 нызқь мааҭ авидеорбагатә камерақәа раахәаразы, 3,5 миллион мааҭ - Ахьӡ-аԥша амузеи аиҭашьақәыргылараз, ҩ-миллионк - Лакәаба имҩаду аҟны игылоу анхарҭатә ҩнқәа ҩба реиҭашьақәыргылараз, 300 нызқьмааҭ - аспортзали 450 нызқь мааҭ ахәыҷқәа рыхәмарҭатә дәқәеи реиҭашьақәыргылараз, 300 нызқь мааҭ - ақалақь ахадара ахыбра аиҭашьақәыргылараз. Иара убас, Афон ҽыц аӡхыҽҽахьы уназго аҳаԥкылҵәа ашьаҟамҩа ахаҳәҟьаԥс ықәҵахоит.
Адепутатцәа иара убасгьы иақәшаҳаҭхеит ақыҭақәа Лыхны, Дәрыԥшь 1,5 - 1,5 миллион мааҭ рзоужьҭызарц. Иаанхаз 19 қыҭа миллионк-миллионк мааҭ рзоужьҭхоит.
Валери Малиа иазгәеиҭеит, арҭ аԥарақәа ақыҭақәа рбиуџьетқәа шханарҭәаауа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ирымаз ауадаҩрақәа рыӡбаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0