Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы ҩыџьа Аԥсны атәылауаа 16 шықәса аҭакра рықәырҵеит

© Sputnik / Владимир Николаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИзбрание меры пресечения по делу о взрыве газа в жилом доме в Новосибирске
Избрание меры пресечения по делу о взрыве газа в жилом доме в Новосибирске - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Анапаҵаҩра
Аӡбамҭа анрыдыркыла инаркны аусуратә 15-мш рыҩнуҵаҟа аганқәа азин рымоуп ашьауӷақәҵара азашшра Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь.
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә усӡбарҭа ҩыџьа Аԥсны атәылауаа Ҭамаз Бебиеи Бадра Аԥшьлааи 16 шықәса аҭакра рықәырҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.
Иара убас, дара аҳәынҭкарра ахашәалахь 700 нызқь мааҭ ахараԥса дыршәахоит.

Бебиеи Аԥшьлааи закәаншьаҭада мҽхакы ҭбаала анаркотикатә маҭәашьарқәа аҵәахреи аныҟәгареи рзы ахара рыдырҵоит - 5,397 грамм аметадон, 4,948 грамм амефедрон.

Ҭамаз Бебиа иду ахара зегьы дақәшаҳаҭхеит.
Бебиеи Аԥшьлааи рхарадҵа азинмч аиуаанӡа ацәгьоура рхарам ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0