Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

© Foto / МВД Абхазии Вальтер Бутба
Вальтер Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Анапаҵаҩра
Вальтер Быҭәба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан ԥхынҷкәын 6 2021 шықәса раахыс. Иара иаԥхьа уи аҭыԥ аҟны дыҟан Дмитри Дбар.
АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба имаҵураҟынтәи ихы иақәиҭтәраз. Адокумент кьыԥхьуп атәыла ахада иаофициалтә саит аҟны.

"Амилициа аинрал-маиор Быҭәба Вальтер Сергеи-иԥа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит", - ҳәа аҳәоит аусԥҟаҟны.

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Роберт Киут. Иара Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы имаҵзура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Атәыла ахада иусԥҟала ихҵоуп амилициа аинрал-маиор ҳәа ахьӡ.
Аамҭала Аԥсны АШәМ анапхгаҩы инапынҵақәа рынагӡараз дҟаҵоуп амаҵура аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба.
Ажәабжьқәа зегьы
0