Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа-аурыс ҳәааҟны абампер аҟны асигаретқәа зҭаҵәахыз амашьына ааныркылеит

© Foto / Южное таможенное управлениеМашина с "сигаретным" бампером задержана на абхазо-российской границе
Машина с сигаретным бампером задержана на абхазо-российской границе - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Анапаҵаҩра
"Лада 2114" абампер аҟны 10 000 цигара ҭаҵаны Урыстәылаҟа аигара зҽазызшәаз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп.
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны Урыстәылатәи аҳазалхҩцәа закәаншьаҭада ацигара ииазгоз амашьына ааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Шәача ақалақь Краснодартәи аҳазалхарҭа апресс-маҵзура.

Амашьын ВАЗ-2114 ҷыдала еиқәыршәаз амаӡаҭыԥ аҟны иԥшаан Еиду Арабтә Емираҭқәа рыҟны иҭыжьу аҭыҭын "Business Royals" 500 ҭоԥ. Амашьына аԥсҟы икын 25-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ.

Аҭыҭын аалыҵи амашьынеи имхуп, административтә зинеилагаразы аус хацыркуп.
2023 шықәса ҳтаҭалазар аԥуа-аурыс ҳәаа закәаншьаҭада аҭыҭын аалыҵ ахыгаразы 462 ус хацыркуп, 40 нызқь инареиҳаны ацигара ҭоԥқәа рымхыуп, инықәырԥшны рыхәԥса 5 миллионмааҭ рҟынӡа иартәоит.
Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2023
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аларгаларц иаҿын
Ажәабжьқәа зегьы
0