Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Лазариа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәразы: имариам, аха иуҭаххар иҟауҵоит

Зхьышьҭра змырӡыз: Фаруқ Лазариа
Анапаҵаҩра
Аҭоурых ӡеибафара иахҟьаны зыԥсадгьыл иаҟәыгахаз Лазариа Ҳашым имоҭа иҷкәын Фаруқ акыр шықәса рнаҩс Аԥсныҟа дхынҳәит, иабдуцәа рџьынџь аҟны анхара илахьынҵахеит. 71 шықәса зхыҵуа Фаруқ Лазариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ԥшьышықәса раԥхьа Аԥсны ихатәы мчла анхара дшалагаз, ус еиԥш игәҭакы иҭаацәа ишрыдыркылаз, адгылара ширҭаз иԥҳаи милаҭла иаҭырқәцәоу ихатә ҩызеи имаҳәи.
"Аԥсны аибашьра ду аныҟаз саб иабду иашьцәа иҷкәынцәан. Ран лхәыҷқәа лыманы дыӡхыҵит Қефқьен ҳәа убас исаҳаит, иара (лыԥшәма-азгәаҭа) аибашьраҟны дҭахеит Лазариа Мамеҭ. Иԥшәмаԥҳәыс д-Гәырзаниаԥҳан. Ахәыҷқәа - Ҳашым, Мамсыр, Қәыблых, Ҳасан Ҭырқәтәыла иқәнагалеит ран илыцны. Сабду иаб Ҳашым иоуп араантәи ицаз, аҷкәынцәа дреиҳабын", - иҳәеит Фаруқ Лазариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0