Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бигәаа ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны ишахәҭам еилаҳәоу ахараԥса дыршәаразы: аҩырақәа кыдзароуп

Бигәаа ишахәҭам еилаҳәоу ахараԥса дыршәаразы: аӷәыцәмаҟьақәа кыдзароуп
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik аефир аҿы ааигәа Жәлар реизараҿы ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы ишахәҭам еилаҳәоу ахараԥса дыршәаразы ирыдыркылаз азакәан ахҳәаа аиҭеит аетнолог Валери Бигәаа.
Аԥсны Апарламент административтә зинеилагаразы азакәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны ахымҩаԥгашьаз. Уи излаҳәо ала, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны, аплиажқәа аламҵакәа, ишахәҭам еилаҳәоу ф-нызқь мааҭ ахараԥса дыршәахоит. Азакәан аус ауеит 2023 шықәса нанҳәа 1 инаркны.
Аԥсшьарҭатә ҩнқәа рыҩнуҵҟа амшынмаҭәа рышәҵаны аныҟәара ҟалоит, аха анҭыҵ, ус ақалақь алалара ииашам ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы аетнолог.
"Адәқьани аџьармыкьеи рахь, амшын ишааҭыҵыз ауаа рнеира хәарҭам. Аԥсуаа ҳара ҳмилаҭ мацара акәӡам ари аԥҟара зҵазкуа, ҳара еиқәырханы иааҳгеит ауп. Дара аурысцәа рхаҭагьы ажәытә традициала ус еиԥш ахымҩаԥгашьа рымаӡамызт. Сара сақәшәаҳаҭуп азакәан, аха икыдҵатәуп аҩырақәа, ауаа ирбо ираҳауа. Усҟан аус ауеит, мамзар ауаҩы изеилымкаакәа дышьҭагәа дыкны аԥара иуршәар, ииашам", - ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0