Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сан лчемодан лырхиахьеит: аибашьра аветеран Владимир Коцоев игәалашәарақәа

© Foto / Елеонора КогониаДоброволец из ЮА Владимир Коцоев
Доброволец из ЮА Владимир Коцоев - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Аахыҵ-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Владимир Коцоев игәалашәарақәа анылҵеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Хатәгәаԥхарала аибашьра ацара, ари ҩнуҵҟала аиаша адгылара иаҟазшьарбагоу ҭагылазаашьоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы иҳақәлаз агрессор иҿагыларазы Аԥсныҟа хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рхыԥхьаӡара бжьаратәла ҩ-нызқь рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рыбжьара иҟан Нхыҵ Кавказтәи аешьаратә республикақәа, Аладатәи Урыстәыла аказакцәа, аԥсуа-дыга диаспора уҳәа рхаҭарнакцәа.
Сынтәа Аиааира 30 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭо аламҭалаз исоуит алшра, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаԥс ҷкәын Аҟәа агәаны иԥыларазы. Владимир Коцоев аибашьра аналагоз 18 шықәса нагӡаны ихыҵуамызт, даҽакала иаҳҳәозар ашкол далгеижьҭеи рацәак ҵуамызт. Дышқәыԥшӡазгьы 1991 шықәсазы Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аибашьра аамҭазы хатәгәаԥхарала иҩызцәеи иареи уахь ицахьан.
Игорь Какоев  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2023
Аԥсны
"Ҳара иаҳқәашьхеит даҽа иааирак азы ақәԥара": аветеран Игор Кокоев иҭоурых
"Сҭаацәа сырзымҵааӡакәа, сҩызаки сареи Цхьынвалҟа ҳцеит. Сара Нхыҵ-Уаԥстәылатәиуп, Ҩадахьтәи Фиакдон аҳабла Кутатинтәи аҩхаа азааигәара сынхон. Ҳашьцәа ауаԥсқәа рҭагылазаашьа зеиԥшраз анҳаҳа аҩнынтәи ҳабналаны уахь ҳцеит. Сҭаацәа сахьыҟаз рыздыруамызт акыраамҭа. Цхьынвалтәи ахҭысқәа рышьҭахь аингушцәеи ҳареи ҳабжьара аидысларақәа аныҟала аҭыԥантәи ауаԥс хыхьчаратә гәыԥ ҳалалалеит (ополчение). Анаҩс, Аԥсны аибашьра аналага, ҳаҷкәынцәа арахь иандәықәла, ҳаӷа аӡә иакәын усгьы, ҳаргьы ацхырааразы арахь ҳаарац ҳаӡбеит, даҽакала ҟалашьасгьы иамоузеи?", - иҳәоит Владимир.
Аветеран ишиҳәо ала, иара дызлаз Бимболат (Бибо) Дзуцев напхгара зиҭоз агәыԥ акәын. Владимир икомандир даара агәымшәареи агәаӷьреи злаз уаҩны дихцәажәоит, игәгьы иалоуп аибашьра афырхаҵа Бимболат 2006 шықәсазы иԥсҭазаара трагедиала иахьҿахҵәахаз.
"1993 шықәсазы Бомборатәи арратә аҳаирбаӷәазаҿы итәеит ҳара ҳазҭатәаз авертолиот. Раԥхьатәи ажәылара ҳара ҳазлахәыз ԥхынгәымзазтәи Шроматәи арратә операциа ауп, нас Цугәыровка. Даара иӷәӷәан аидыслара аиашазы, уи ирлас еиҿкааз акәын. Акыр иуадаҩын уи арратә операциа ҳәа сҳәар сылшоит, избанзар шьхак аҟынтәи ҳалбааны, даҽа шьхак ҳхалар акәын. Аидыслара ҟалеит, нас, ҳара ҳхьаҵыр акәхеит. Ақәа кыдхаҽа илеиуан усҟан. Уахь ҳанцоз аӡы маҟҿаҳәара иҟан, ҳаныгьежьуаз ашаха аҟәарақәа нада-аада ирыбжьданы ҳгьежьит. Аӡы убысҟак ихыҵит, игәаӷьыуацәан уи аҭалара. Ҳара аӡы ҳанырсуаз арԥыс даҳцәыӡит. Хан Саниуков аӡы дагеит уи ауха. Уахынлан. Шромантәи ҳанылбаауаз ҩыџьа аҿҟьеит, руаӡәы иаанкылара ҳахьӡеит, егьы аӡы дагеит. Аӡы ҳарсны хыхь ҳанхала, аибашьцәа ихәызи аконтузиа змази рацәаҩын. Зегь ҳҽанеидаҳкыла, еилаҳкааит Хан дшаҳцәыӡыз. Аӡы дшазымиааиз. Сымҩашьозар, нас иара аҟәара дыхнажьлан, аԥсуаа ирулакгьы ҳа ҳганахь иааргеит иԥсыбаҩ", - иҳәоит ихамышҭуа ахҭыс дазааҭгыло.
Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иеибашьуаз ҳашьцәа. 1993 ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2020
Абри адгьыл аҿы ашьа камшразы
Аибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса ишрықәугьы, иҩызцәеи иареи еиқәшәаны аибашьра ианалацәажәо Хан даныргәаламшәо ыҟам. Владимир дызлаз агәыԥ, Шроматәи ажәылара анаҩс Нхыҵ-Уаԥстәылаҟа игьежьит, аха нас Аҟәа агаразы аоперациа ианалагаз, дырҩагьых рҽеибыҭаны Аԥсныҟа иааит.

"Аибашьраҿы ишәарҭан, имшәо агаӡа иоуп рҳәоит, аха адоуҳа мчы ԥхьаҟа ҳәа ҳаҵанаҳәон. Раԥхьаӡа Цхьынвалҟа сыбналаны санцаз, сахьыҟаз рыздырӡомызт сҭаацәа. Ианраҳа ирхыргаз дара роуп издыруа. Саныгьежь сан сыхәда лҽахалыжьит, саб дсықәыҵәҟьеит, аха идыруан сышхьамҵуаз. Сеибашьратә ҭоурых абас иалагеит, нас Аԥсны ахақәиҭртәаразы хатәгәаԥхарала аибашьра сзыԥшын", - иҳәоит Владимир ихатә нысымҩа дазхәыцуа.

Владимир Коцоев иахьа 49 шықәса ихыҵуеит, дҭаацәароуп, автомеханикс аус иуеит. Иани иаби рыԥсы ҭоуп, иԥҳа 20 шықәса лхыҵуеит. Иара ишиҳәо ала, ԥсшьра ҳәа Аԥсныҟа иаалоит иҭаацәа. "Аныҳәақәа рахь Аԥсныҟа санаауа смедалқәа сгәы икыдсымҵар, сан дсацәҳауеит. Угәы икыдыз арратә ҳамҭа. Уи уара уҽаԥсоутәит лҳәоит лара", - абас дцәажәоит Владимир.
Аветеран аибашьраҿы иаиарԥшыз агәымшәаразы ианашьоуп "Агәымшәараз амедал". "Ари зегь иреиҳау, акыр сзыхӡыӡаауа медалуп", - иҳәоит иара.
Владимир Нхыҵ-Уаԥстәыла дшынхогьы ирлас-ырлас дырҭаауеит Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа аныҟо.
"Аамҭа иара атәы ҟанаҵоит, рхыԥхьаӡара маҷхоит аветеранцәа. Аибашьра анеилга 17 шықәса рнаҩс ауп ҳара Аԥсныҟа ҳаауа ҳаналага. Аибашьра анцоз сқәыԥшӡан, исызгәнымкылаз рацәоуп. Нас, ара ҳаибабо ҳаналага исгәалашәаз аибашьцәа рацәаҩуп. Аҭынчреи аизҳареи ҟалааит Аԥсны. Аиааира амш азы ҳаауеит. Сан лчемодан лырхиахьеит". – иажәа хиркәшоит аветеран.
Владимири сареи ҳаицәажәара ашьҭахь имҩа хан Ахьӡ-аԥша амузеи ашҟа. Уи аҽны иара далахәын Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Валери Хубулови Алан Џьиоеви рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас аҭара ацеремониа.
Представители ЮО передали 2 медали добровольцев - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2023
Аԥсны
Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0