Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәатәи абаӷәаза ааннажьит

© Sputnik / Леон Адлейба Князь Владимир в Сухумском порту
Князь Владимир в Сухумском порту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 25- Sputnik. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәатәи абаӷәаза ааннажьит асабша ахәылбыҽха, рашәара 24 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсны амшынӷбарныҟәара" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа
"Князь Владимир" Аҟәатәи абаӷәаза ԥышәарак аҳасабала иҭалеит. Аӷба иаанагеит 54 пассаџьыр – аекскурсиатә хырхарҭақәа ҭызҵаауеи, атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи, 96-ҩык аекипажи.
"Асасцәа Аҟәа аекскурсиақәа рзымҩаԥган, Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит. Иахьагьы атурмаҵзурақәа рхаҭарнакцәа аҭыԥԥшӡарақәа рахь иган. Зегьы ргәы наӡеит", - иҳәеит Габуниа.
Габуниа иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҟны Аԥсни Урыстәылеи ртуристтә хеилакқәа рхаҭарнакцәеи, "Амшынеиқәаҿтәи акруизқәа" анапхгареи еиԥылеит. Аиԥылараҟны аганқәа русеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Акруизтә лаинер"Князь Владимир" Аҟәатәи абаӷәаза ԥышәарак аҳасабала иҭалеит рашәара 23 рзы. Раԥхьаӡакәны акруизтә ӷба Аҟәа иаҭааит 2020 шықәсазы.
Сынтәа аӷба ареисқәа мҩаԥыслоит Шәача-Аҟәа-Шәача амаршрут ала. Зынӡа еиҿкаахоит 11 круиз рашәара 29 инаркны цәыббра 11 рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0