Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лига иаиааиз еилкаахеит

© Sputnik / Леон Адлейба Кубок победителя чемпионата Национальной футбольной лиги
Кубок победителя чемпионата Национальной футбольной лиги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса мшаԥымзазы излагаз Амилаҭтә шьапылампылтә лига раԥхьатәи ачемпионат иалахәын 13 команда.
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лигаҿ аиааира ргеит Кәтолтәи акоманда "Бзана", абри атәы иҳәеит алига адиректор Даҭо Лордкипаниӡе.
Аҩбатәи аҭыԥ иаԥсахеит пицундатәи "Кьараз", ахԥатәи - Уарча ақыҭа ашьапылампыласцәа. Алига алахәылацәа аҳамҭақәа ранаршьеит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны. Аиааира згаз ахраҿақәеи амедалқәеи ранаршьеит.
"Акомандақәа ахәмаррақәа зегьы ҭакԥхықәрала иазнеит, аиааиразы ирылшоз зегьы ҟарҵон. Ахәмарра аԥҟарақәа реилагара ада, адәы анҭыҵ аимак-аиҿак азгәаҭамызт. Зегьы гәырӷьарыла имҩаԥысит", - иҳәеит Лордкипаниӡе.
Лордкипаниӡе иажәақәа рыла, цәыббрамзазы ргәы иҭоуп Амилаҭтә шьапылампылтә лига ахәмаррақәа рҟны аҵыхәтәантәи аҭыԥқәа аанызкылаз рыбжьара ахәмарра аиҿкаара. Аԥсны "Супер-лига" аҟны ахәмарразы алшара рымоуп актәии аҩбатәии аҭыԥқәа аанызкылаз акомандақәа.
Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лига - ақыҭа командақәа рыла ишьақәгылоу чемпионатуп. Уи иалахәуп Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи 13 команда, иара убас 14-17 шықәса зхыҵуа Аԥсны ачемпионат иалахәыз арԥарцәа злоу "Аԥсны-2" акомандагьы.
Алига иалахәын Дәрыԥшь, Аӡҩыбжьа, пицундатәи "Кьараз", Лыхны, Џьгьарда, Кәтол, Џьырхәа, Баслаҭа, Уарча, Ешыра, "Аԥсны-2", Бзыԥ, Ҷлоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0