Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Мгьалырхаара ицо": ахызи уи иалоу ахәарҭареи

© Sputnik / Илона ХварцкияПриготовление первого сыра в селе Дурипш
Приготовление первого сыра в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2023
Анапаҵаҩра
Ахыз иалоу ахәарҭара атәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ахш иахьа ауаатәыҩса рыкрыфараҿы иааннакыло аҭыԥ дарбану иззымдыруа. Аԥсуаа бзиа ирбо рыфатә хкқәа ируакуп ахырҵәы. Ахырҵәы ҳакрыфараҿы иааннакыло аҭыԥ иахҟьеит ахши ахш иалҵуа афатәқәеи - ахшхырҵәы ҳәа рыхьӡҵара.
Ибзиаӡаны иаадыруа акоуп – ахыз (азгә. урысшәала "молочная сыворотка"). Ашәаӡа анеидыркылалак ашьҭахь иаҵыҵуа ахыз ршны ахызҳәҳәар хырхуеит, ма еиларшны, ахызҭра илҭаҭәаны, ахыз аҵыркәкәаны ахаҷа ҟарҵоит.
Ақыҭақәа рҿы ажәытәан еиԥш иахьагьы амгьал аныҟарҵо агьама бзиахарц, ахыз ала иркәаҳауеит. Убри аҟнытә иахыхәмарны ирҳәо иалагеит: - Ахыз, уабацои ҳәа ианазҵаа "хымҳа-џьымшьа, мгьалырхаара сцоит" - ҳәа.

Ахызи уи иалоу ахәарҭареи

Аҩны аргылара згәы иҭазкыз аԥшәмацәа иалырхыз аҭыԥ ԥхьаҟа рӷьацаразы иаԥсоу иаԥсаму аилкаараҟны ахыз рхы иадырхәон абасала: ахаҳә ду наганы ишьҭарҵон, нас иҩышьҭыхны ахыз аҵарҭәон. Ҩаха-ҩымш рышьҭахь инеины иаҵаԥшуан. Ахаҳә рацәак идуум ашышкамс еиқәаҵәа аҵазар, аҩны ургылар ҟалоит, уа иҭыԥ мшуп рҳәон.
Ашәытақәа зныло ауаҩы, ишәытарақәа ахыз ала иҿиӡәӡәаауан, лассы ибзианатәразы.
Аҳәса рхаҿы пашәӡа иҟаларазы хызла ирыӡәӡәон, ршьапы ашьхәақәеи ашҵақәеи таатахарц ахыз ԥха иӡаадыргылон.
Ажәытәан ахәра аӷьара азымариахаразы хызла иҿырыӡәӡәаауан. Жәлар рмедицина излаҳәо ала, агәаҵәахьаа иаргәамҵуа акрифаанӡа мышкы ахь хынтә: шьыжьы, шьыбжьон, хәылбыҽха фырџьанк азна ахыз ижәлар бзиоуп.
Жәлар рмедицинаҟны алааԥк зыцҳаз ихәшәтәраҿы хархәара арҭон: аџьамԥазиа (азгә. абзыԥқәа рҿы "ашьамашәыга" рҳәоит) адацқәа ааҵхны, иӡәӡәаны, ибзиаӡаны ирҟәаҟәон, анаҩс ахыз аҵарҭәон. Ҳамҭакы ԥхьакырҭак аҟны идыргылон, нас фырџьанла мышк ахьтә хынтә иржәуан.
Ахәыҷы ҿыц аныҟәара даналага ишьапқәа ырхәахәаны иргылозар, уи аграхьы имиасырцаз - раԥхьа ахәыҷы днықәырианы ишьапқәа рхәон, нас ахыз ԥха дӡаадыргылон. Ус изныкымкәа иҟаҵатәын.
Ахш иалху ашәаӡеи ашәхеи рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2017
Актәи, аҩбатәи: ашәаӡа нас ашәха

Алитературахьтә

Ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ироман "Асқьала" аҿы иаҳԥыло Аминаҭ илзикуеит абарҭ ажәақәа: Есуаха, данышьҭало, уаҵәы ианаашо, мҩа харак дықәлозшәа, лнапқәа ахыз ала ма ӡырҟәандала, дацклаԥшны иӡәӡәаны, арҟәымшәышәгақәа рыхьшьны дышьҭалон. Убас лхы дахьацклаԥшуаз азыҳәан, аԥҳәыс ҽырба, аԥҳәыс ныхгыла-аахгыла ҳәа илышьҭан аҳаблаҿы.
Иацаҳҵап ажәа ахыз асахьаркыратә литература арҿиаҩцәа рхы ишадырхәаз азааҭгылара:
Асы рықәнаузшәа ахыз рҿыкәкәа ашәымкьаҭқәа ирықәуп ашәаӡа, иҩуеит Алықьса Гогәуа.
Рацәак мырҵыкәа амзагьы ҩагылеит, ажәҩан цеицеи аҵаҟа ахыз хҭәалазшәа еишьылҟаҟараӡа ааԥынтәи анаҟә иаҵәахуан амшын. (Баграт Шьынқәба)
Аҭаҳмада ихы ахьҩеишаз иҩеин, ахыз аԥштәы змаз ибла ҭҟьашаақәа Галиа иҩалыҵаирԥшит, насоуп инапы қыџь-қыџьуа иџьыба данҭалаз. (Алықьса Џьениа)
Ахыз еиԥш ихәашьҟаҟараӡа иҟоуп амшын, акгьы сзықәымбааит, - ҿааиҭит Кәмач. (Владимир Маан)
Ауаҩытәыҩса игәыӷрақәа урылырҩаан, ахыз еиԥш аамҭа уаҵыкәкәоит. (Алықьса Гогәуа).
Ажәабжьқәа зегьы
0