Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ӡынгьы-ԥхынгьы зыбӷьы камԥсо": ашыц ҵлеи уи асимволтә ҵаки

© Sputnik / Томас ТхайцукСамшит колхидский
Самшит колхидский - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2023
Анапаҵаҩра
Ашыц ҵла иазку адыррақәа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ашыц (урысшәала "самшит") ӡынгьы-ԥхынгьы зыбӷьы камԥсо ҵлажәлоуп. Аԥсны ианаалоит, иҿиоит амшын инаваршәны аҳаракырақәа рҿынӡа. Аха рыцҳарас иҟалаз, ажәытә аамҭақәа рзы ашыц хыршьааит. Ҭауади аамсҭеи амал аҭнырхуан, хәыбжала аҳәаанырцәҟа ирҭиуан.
Изларҳәо ала шәышықәса раԥхьа Очамчыра ашыц рацәан. Иара Очамчыра ахьӡгьы аҭырқә ажәа "Чамчир" иаҿырԥшны иаанаго "Ашыцра" ауп.
Ҳаамҭазгьы Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы ашыц ахыԥхьаӡара акыр имаҷхеит. Аекологцәа ари аҩызы аҭагылазаашьа ҩышьықәсаҟа раԥхьа Аԥсны ицәырҵыз, ашыц хызшьаауа ахәаҷа мцаԥшь иадырҳәалоит.
Село Ачандара в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Аԥсны
Аԥсуаа рҿы аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи, рҵаки
Асимволтә ҵакы
Аилазаашьа аганахьала зегь реиҳа икьакьоу агәыцә амоуп ашыц ҵла. Мҿыжәла ӷәӷәоуп: иалырхуан амҳаҵәқәа, асаанқәа, ахмаҷырқәа (ахмаҷыр – амҿы иалхуп, урысшәала "деревянная кружка" азгә.), ачамсҟәылқәа (амҿтәы мҳаҵә ду, урысшәала иуҳәозар "половник" азгә.), аҩымсагқәа уҳәа еиуеиԥшым аҩнымаҭәахәқәа.
Ашыц аԥсуа иԥсҭазаараҿы асимволтә ҵакы амоуп. Иара ауаҩы ихаҭа, иҩны-игәара алаԥшцәгьа дацәызыхьчо акәны иахәаԥшуеит. Аныҳәаразы аԥсуаа иалырхуа аҭыԥ аҿы араса адагьы, иазҳауазар бзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ашыц.
Асабицәа зааӡо агара иара иалырхуан, уа иҭадыршәуаз ацәарҭа ашыц абӷьы ҭарыԥсон, аԥсынҵры ацуп азы. Убасгьы, ашыц иалырхуан аԥсуа лабашьа. Апоет Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа иажәеинраалақәа руак аҿы аԥсуа бырг абас дихцәажәоит:
Ишыц лаба иҿаԥхьа инарсны,
Жәлар рҿаԥхьа ианиҳәа ажәак,
Дара иажәа ргоит имҵарсны,
Уи рзаҩызоуп ашәак.
Зыӡбахә ҳәаз апоет еиԥш егьырҭ асахьаркыратә литература иазааԥсахьоу арҿиаҩцәа рҩымҭақәа рахьтә ашыц аӡбахә ахьагәылуԥхьааша ыҟоуп:
"Агәашә азааигәара ашыҵә-ашыҵәҳәа ашыц ҩымсаг шьҭылшьуеит атәы ԥҳәыс…" (Анатоли Возба).
Аҟәара ахықә иалиааз ашыц, аӡиас иазымариашан аҿыбгаррақәа ныркыларц рҭахушәа, рдацқәа еилышьшьы, еиваҽырбо, еиваӷӷа еикәагылан. (Нонна Џьынџьалԥҳа).
Ашьҭахь, реидарақәа аашьҭыхны еицны рҿылархеит. Ашыц ҵҟәашаарақәа ирылсны ицон. (Гьаргь Гәыблиа).
Осень в лесах Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2021
"Абна амаӡа": ауаҩи аԥсабареи еимаздо акультуратә мазара
Жәлар рмедицинахьтә
Аԥсуа жәлар рмедицина аҭҵаара иазҿлымҳау аҵарауаҩ Аршба Стелла лусумҭа "Аԥсуа жәлар рмедицина" аҿы иалырбоит: "Жәлар рмедицинаҟны аҭыԥҳацәа рыхцәы аизҳареи арӷәӷәареи рзы ашыц абыӷьқәа ирылхыз аиларш рыхцәы иалдыршон" ҳәа.
Анаҩс ашыц иахәшәтәуаз ачымазарақәа иреиуан – ашьаҿыҵра.
Ашьаҿыҵраан ԥсыуала ахәшә ҟазҵо - ал ахышәҭи ашыц быӷьқәеи ашәшьыраҿы ирԥшшаны, асақә еиԥшхаанӡа ирҟәаҟәоит, анаҩс ацха алаҭәаны ибзианы еиладырҩынтуеит. Иалҵыз ахәшә ачымазаҩ амҳәаҵә ду ала мышкы ахьтә хынтә дыбзиахаанӡа ижәлар акәын.
Ахәыҷқәа ацәама карыԥсаразы акама адацқәеи ашыц ҵла ацәеи аӡы рыҵаҭәаны еиладыршуан, анаҩс иаараӡаны иддыржәуан.
Ацәама иахәшәуп ҳәа ашыц ҵла иахоу ацәа аҩнуцҟатәи аган мҳаҵәк азна аамхны ҵәыцак аӡаҿы еиладырҩынтуан, нас иаараӡаны шьыжьи хәылбыҽхеи фырџьанк-фырџьанк ржәуан.
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".
Одуванчик  погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2023
"Аԥсабара анышәҭуа": жәлар рмедицинала аллергиа шырхәышәтәуаз
Ажәабжьқәа зегьы
0