Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ҳаибашьразы ҳааит: Имдаҭ Агәас иультәи ажәылара игәалаиршәеит

© SputnikИмдат Агуас
Имдат Агуас - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2023
Анапаҵаҩра
"Тамшьтәи адесант" захьӡу арратә операциазы, уажәы сзацәажәо Ҭырқәтәыла ииз Имдаҭ Агәас иажәақәа рыла имаӡан. Иҩызцәагьы иаргьы ирыздыруамызт ар реиҳабацәа ирыгәҭакыз.
"Жәамш шагыз абазаҿы ҳаизеит, аха ҳахьцоз ҳаздырӡомызт. Ҳандәықәлашаз ирҳәеит ҳамҩа ахьхаз. Ахәылбыҽха ҳдәықәлеит, асааҭ сгәалашәом. 300-ҩык раҟара ақәтәан ашхәа. Лакәыт (Заур) Зарандиа иакәын акоманда ҟазҵоз. Аӷа дҳаихсуан амҩа ҳанықәыз, аха акгьы ҳақәымшәаӡеит. Акыраамҭа Ҭырқәтәылаҟа ҳхы рханы ҳцон. Амшын агәахьы ҳцаны, нас ашьшьыҳәа ҳгьежьны Тамшь амаамынқәа рпитомник ахьыҟаз ааигәара ҳааит, ҭынчран, бжьык гомызт", - иҳәоит зхатәгәаԥхарала зџьынџь ахь игьежьны Аԥсны ахақәиҭразы еибашьуаз Имдаҭ Агәас.
Аветеран ишигәалашәо ала – ашьыжь асааҭ 11 шыҟаз иӡхыҵит, аха аҭыԥ маншәаламызт аҳәынҵәара инылагылеит.

Адҵа

Абаржа инҭыҵуаны ахысрақәа ҟалеит Имдаҭ ишигәалашәо ала. "Аҳәынҵәа ҳалахеит акыр. Аказакцәа ҳацын. Тамшь ашкол ахьыҟоу ҳгәыԥ иацыз аказакцәа ҳаԥхьа инаӡеит акагьы рмыхькәа. Ашкол шәнапахьы иаажәгароуп ҳәа адҵа ҳаман. Аџьаԥҳаны маҷымкәа иҳаман. Ҳаныӡхыҵ амҩа ҳаԥшаан ҳдәықәлеит. Уа ҳаннеи аиҿахысрақәа ҳаԥхьаҵәҟьа имҩаԥысуан, танкк блит ажәылара ӷәӷәа цон. Аџьаԥҳаны иҳамазгьы азымхеит. Ҳаргьы ҳхысуа, ҳаибашьуа ҳцон. Ҳа ҳтәқәа атанк аара иазыԥшын. Лакәыт, Шьандуан Ажәанба, сара ашкол аганахь ҳцон. Уа ҳаннеи қырҭуа заҵәык иакәын инханы иҟаз. Аха, абзарбзан ныҟәызгоз аӡәы дшьын, аиҿахысра аныҟаз дҭахаазар акәхап, иҩызцәа дааныжьны ицеит ауп. Зыԥсы ҭаз аӡәы аҭуан аҿы иҽыҵәахны дыҟан, даҳҳәынҷеит. Иҭацәын ашкол. Иҭыҵны ицахьан ақырҭқәа. Нас, амҩа ҳкит, аиҿхахысра ӷәӷәала ицон. Атанкқәагьы хысуан. Ҳаргьы асмена ҳақәгыланы апозициа ҟаҵаны ҳарҿахысуан", - абас иааирԥшуеит аоперациа раԥхьатәи амш аҭоурых Имдаҭ. Аветеран Агәас иажәақәа рыла - ашьыжь иалагаз, хәылбыҽханӡа аиҿахысрақәа цон. Агрба ҷқәынак дҭахеит ҽынла, нас ингәыш ҷкәынак дҭахеит. Имдаҭ иҩызцәа зегь еибган. "Ахәылбыҽха Лакәыт ашкол хьчатәуп иҳәеит. Ҳара Кәтол аганахь ҳцоит рҳәеит ԥыҭҩык. Сара уахь ацара уамак исҭахымхеит. Сара ҳпозица аанкыланы иахьыҟаз аганахь сыԥшыхәуан", - иҳәоит аветеран.
Ахра Голандзиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2023
Аԥсны
"Ақырҭқәа ари арратә операциа ргәы рымнарҟьеит": Ахра Гәаланӡиа иультәи ажәыларазы

Кәтол

Аха, ԥыҭк ашьҭахь Кәтол аганахь ицатәуп ҳәа адҵа ҟаиҵеит Лакәыт Зарандиа. Имдаҭгьы уахь иҿынеихеит. "Ҵхыбжьонын Кәтол ҳаннеи. Уа, ԥацхак аҿы аштаб ахьыҟаз ҳаизаны ҳтәан. Ус, сҩызцәеи сареи ҳкараханы ҳаҟамыз ҳамхацәеит. Сабџьаргьы сааигәа иҟан. Снапы акәыршаны ишыскыз самхацәеит аԥацха ашәхымсаҿҵәҟьа. Ак ҟалар иаразнак схы иасырхәап ҳәа схәыцуан азы сабџьар саанда иҟан. Сшыцәаз сабџьар аӡәы игазаап", - абри аҩыза асахьагьы ааирԥшуеит Имдаҭ ҳанеицәажәоз. Иара ишигәалашәо ала, абџьар рацәаны ирыман, Тамшь асменахь ацара анаҭаххо ҳәа ашәындыҟәра иҭаҵаны иҟан. Аха, иабџьар ахьыргаз даара ицәымыӷхеит. Ҩымш иабџьар ада даҽак ашьҭыхра иҭахымхеит. Адырхаҽны Агәас адыргақәа иамаз ала идырын, изгаз ирымихит. Анаҩс, иажәа иацҵо Имдаҭ абас иҳәоит: "Нас, ҳҭыԥқәа дырхиан, ҳаршан ҳдәықәырҵарц рҳәеит. Сҩызцәа зегь рабџьарқәа шьҭырхит. Са стәы сҩызак инеисыркын, бзарбазан хәыҷык ыҟан иаашьҭысхын Тамшь амҩа арыцқьаразы ҳцеит, аха ҳамч ақәымхаӡеит. Нас аказакцәа ргәыԥ леин амҩа ркит. Адырхаҽны акәзар ҟалап. Абри ашьҭахь, Тамшь ҩнык аҿы штабс иалаҳхит, асменахь ҳцон ҳҽеиҭныԥсахланы", - игәалаиршәоит ахҭысқәа Имдаҭ.

Ишыцәоу еимдо-мамзаргьы ажәҩа аҭҟьара

Ҽнак зны, ахысра ӷәӷәа ҟалеит Цагьера аганахь ала, Имдаҭ дызлаз агәыԥ амаамынқәа рпитомник ааигәа иҟан. "Ахыхьчаразы ахаҳә иалху гәара хәыҷыкгьы ҳаԥшааит. Убырсынтәи аӷацәа ҳреихсуан. Ҳабџьаргьы акыр инаҳхит. Муха ҳәа ак ҳаман, аус аҳаруит. Иаҳаулакгьы иааҳмышьҭит аӷацәа. Нас, ихьаҵит", - ажәабжь иациҵоит сзацәажәо. Имдаҭ игәыԥ уи ашьҭахь рџьаԥҳаны "аҭра иҭало" иалагеит, ацхыраарагьы абџьаргьы рҭаххеит. "Аӷацәа џьаԥҳаныла хысра бааԥсык бжьарҵеит сааҭк аҟара. Ӷәӷәала ҳрыпҟеит, ҳаршьаҟьеит. Аминаршәга ахқәа ҳаахон. Амаамын баҳча иатәыз аҩны аҿы ҳаҟан. Ари даара игәнаҳгеит. Заҟа ҳәгәыдырҵаз еилкаашьагьы амамызт. Аӡәы заҵәык дрымхәӡеит убри аҟара ҳаларыжьит аха", - иҳәоит иаԥсшәа бзиа цәырго Имдаҭ. Иара ишиԥхьаӡо ала, аа-мшы дыҟан уа адесант аныӡхыҵ ашьҭахь. "Амҩагьы аа-мшы рышьҭахь иаҳцәыӡит аџьаԥҳаны азымхара амшала. Танкк ааины иааҳакәшеит. Иаҳмеихсӡеит, иҟанаҵоз ҳзеилымкааит. Уанӡа ирхәхьаз Кәтол иҳашьҭхьан. Атанк анызба аршьаҟауаа ацума ҳәа аԥшыхәра салагеит. Сыбзарбзангьы цқьа еиқәшәамызт азы, сыҽныскылеит ахысразы. Мусач ҳәа чечен ҷкәынак дыҟан шьҭахьҟа ҳхьаҵуеит иҳәеит. Амхырҭа ҳалсны ҳцар акәын. Ҭамаз Қьецба дҳацын уа. Ҿыц ҳаибадырит иареи сареи усҟан. Ҳкомандир уи аамаҭазы дыҟамызт. Атанк ҳгәанамҭазар ҟалап иҳавсит. Жрак ыҟан убри ҳаҵәахит. 500- метра ҳцахьан еиԥш атанк ахысра иалагеит, аха иҳақәымшәеит. Зегь ҳҟьалеит аиашазы. Апаника ҟаҳамҵап, ҳҽеидаҳкылап сҳәеит, аха ҳаиԥхьыттеит атанк ианҳашьҭанаҵа. Ҭырқәтәылантәи иааз ҷкәынаки сареи ҳаизынхеит. Уигьы дысцәыӡит", - абс игәалашәоит 30 шықәса зхыҵуа ахҭыс аветеран Агәас. Ианхьаҵтәха, зхала инхаз, араҟатәи аҭыԥқәа ззымдыруаз Имдаҭ иӡбеит адәыӷба мҩа ԥшаны далҵырц, амҩаду аӷа инапахьы ииасыр ауан азы. Амшын аганахь адәыӷба мҩала ацара еиҳа ишәарҭарам ҳәа иԥхьаӡеит. Ишиашоу ицаз рышьҭа дхымлакәа, адәыӷба мҩала ддәықәлеит. Акионсахьа иаҩызоуп анаҩс Имдаҭ еиҭеиҳәо : "Исышьклахысуа иалгеит иахьынтәаауа сзымдыруа. Илаҟәны ихысуан, сзыхьчо акгьы ыҟамызт, гәарак снахыԥан, даҽа гәарак сшахыҵуаз ахҭаҵарҭа (магазин) исымаз сыцәкаҳаит. Уигьы ҽеимызт. Бнаран, ашәаԥыџьаԥ рацәаны иҟан. Абнара нҵәан ӡиаск аҿы снанагеит. Сыжәҩа ҭҟьеит азы, исызгәамҭеит сахьцашаз ахырхарҭа. Сыхәны сыҟан. Сыжәҩа аҭҟьара уи сыхәра иахаразаргьы ауеит. Ишыцәоу еимдо (лунатик) рымҳәои, убасшәа сҟалеит. Ҽынлан, ақәа леиуан. Амрагьы ыҟамызт. Амра ыҟазар еиҳа уеилнаргоит уахьцо амҩа алхразы. Аӡиас арӷьарахь сцар – амшын ахь сагоит, армарахь схы сырхароуп ҳәа исыԥхьаӡеит. Аха, амашьына мҩахьы схы ханы иҟалеит сыжәҩа ахьыҭҟьаз иахҟьаны. Аӡы сҭаланы акыр сныҟәеит Цагьера аганахь".
© Foto / предоставила Элеонора когониаИмдат Агуас
Имдат Агуас - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2023
Имдат Агуас

Арбаӷь аҿыҭыбжьы

Аӡы ишьамхы акыр иахысит, аха даанымгылакәа дцон Имдаҭ иалихыз ахырхарҭахь. Цҳаушәа акы ибон иаԥхьаҟа. "Уи ацҳа сшахьыԥшуаз рбаӷьк аҿыҭбжьы саҳаит. Сылақәа аахыстызар еилыскааит сахьцо шиашам. Қыҭак аҿы снанагеит. Сыккаӡа ацәа саалҵызшәа сааҟалеит", - иҳәоит Имдаҭ ихьыз игәаларшәо. Абас "арбаӷь абзоурала" Имдаҭ дызлаз ажәҩаҭҟьара маҷк даалҵит. Аӡы ҵлақәак хыжьлан, ӡмахушәа иҟан. Аҽыҵәахырҭа бзиа аман. Абри зегь иреиӷьу ҽыҵәахырҭоуп ҳәа ихәыцит. "Аӡмах сахьҭатәаз сгәы ҿыӷьит. Амра мгылеит. Схырхарҭа сзалхуам. Макьана ладеи ҩадеи сзеилымкаауа сыҟоуп. Ма ҵхыбжьон аиаҵәақәа рыла сымҩа сыԥшаап схәыцит. Сахьыҟазаалакгьы аҩада ашьхарахьы схы сырхароуп. Сгәы анҿыӷь хыхь ашәаԥыџьаԥ рахь сиасит аӡмах сҭыҵны, избанзар адаӷь еиԥш аӡмах сҭаианы – гәҿыӷьрахеит. Сахьыҟоу гәасҭап ибзианы сҳәан хыхь сыхәнеит. Снықәлоны хҩык ақырҭқәа еиқәҿырҭит. Сара рыгәҭа сыҟоуп, дара еиқәҿырҭуеит. Ирҳәоз еилыскааит рбызшәа шысзымдыруазгьы. Шәабаҟоу ҳәа ибжьы гоит руаӡәы. Ара ҳаҟоуп ҳәа аҭак ирҭеит. Шәааи ҳцап иҳәеит. Еилыскааит рыхҩыкгьы ҳцоит ҳәа ишеицәажәаз. Сара дара шсывсуаз сымдыруаз, адгьыл сҽаларсны сиеит сҽысҵәахит сыбӷаӡара ашәаԥыџьаԥ иаҭан. Армарахьала ашәаԥыџьаԥ сахьчон, арӷьарахьала сибаргьы, сара иара раԥхьа дгәасҭон - ус ихәшьадны исыман", - аҭоурых иациҵоит Имдаҭ.

Амра цәырҵит аҭашәарҭахь

Уа аӡмах данҭаиаз атанкқәа рыбжьы иаҳауан ҳаибашьҩы. Ауаа еизаны, ур чырҳәа амҩа аганахь ишдәықәлоз еиликааит. Аӡәы дибаргьы дҿаҳушәа иҽыҟаиҵарц ӡбны, дызлаз далҵырц хықәкыс ишьҭихит. "Абри зегьы компиутерла иҟаҵазшәоуп ишыҟаз. Анҭ анца ашьҭахь, саргьы афақьаҳәа сыӡмах сынҭаиеит. Уҭымҵын, угәаҳҭоит ҳәа сарҳәозшәа саҳауан. Гәаныла убас исзааит. Сааҭк аҟара сыԥшит. Нас, ԥшак асит. Амра цәырҵит аҭашәарҭахь. Уи анызба, амрагыларҭа ахьыҟаз еилсыргеит. Исзымдырӡакәа сымҩа абжакы сахысны сиашаны сцозаарын. Ахәылбыҽхара сазымԥшкәаны ашьхарахьы схы рханы сдәықәлеит. Амҩа санылар акәхеит. Аԥсуаагьы срыцәшәо салагеит - ирзымдырӡакәа исеихсыр ауан азы. Абна ала сдәықәлар сзылымҵыр ҳәа сшәан, амҩау ала сҿынасхеит. Дук мырҵыкәаны - уарбану ҳәа аӡә сықәҿиҭит аԥсышәала. Сара соуп, уара уарбану сҳәеит. Уара Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа уреиуома иҳәан, ааи сҳәеит. Гәыԥк рҽеидкыланы, ҳара ҳзыхьчоз, иаҳзыԥшыз ракәзаарын ҩнык аҿы рҽыҵәахны иҟан. Аҭаҭын сырҭеит, аӡы сырҭеит, ача сырҭеит. Кәтол аганахь амҩа хароуп, аӡәгьы ацара иҭахымхеит. Сара аӡә дсыцны сигарц сҭаххеит. Уаҵәы ҳцар еиӷьуп иҳәеит руаӡәы. Аха, сара сҩызцәа сахьыҟоу рыздырӡомызт азы, сдәықәларц сҭаххеит. Уаха ҳцароуп сҳәеит. Иадысцалеит, нас ҳаицдәықәлеит. 25 километр иҟан амҩа ҳахьныҟәаз, Кәачаратәи амҩала ҳныҟәаны нас, Кәтол ҳнеит ҳҭыԥ ахь ҳгьежьны", - абас ихиркәшеит Имдаҭ ижәҩа аныҭҟьаз амш. Иҭыԥ аҿы даннеи аӡәы заҵәык Инал Қәҭарба захьӡыз арепатриант дмыцәакәаны дыԥшын. Уи ила Имдаҭ еиликааит ргәыԥ зегьы шыхынҳәыз. "Зегь аан ицәеит, иагыз уара уоуп" ҳәа иеиҳәеит.
Адик Цушба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2018
Арадио
Цәышба: иультәи ажәлыра алҵшәа амаиузҭгьы, ҳара милаҭҵас ҳаӡыр алшон

Аԥсны ахақәиҭразы аибашьра

Абри ашьҭахь Тҟәарчал аганахь ирышьҭит Имдаҭ иҩызцәа фҩык раҟара еицҵаны. Аибашьра еилгаанӡа мрагыларатәи афронт аҿы иҟан. Аҵыхәтәантәи ажәылара аамҭазы Кәыдры ааигәара иҟан ацҳа ахьчаразы…
Адесант аӡхыҵра ҵакыс иамаз азы аветеран ихәыцрақәа абас иҟоуп:- "Ажәылара ҟаҵаны, Арӡынба идҵа наҳагӡеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Уахьцо ҽшьроуп ҳәа сазҳәаз аруаҩгьы дыҟан. Сшәоит, аха ҳаиҳабыра ирдыруа операциоуп. Аԥсны ҳаибашьразы ҳааит, иаԥсоу усуп ҳәа исыԥхьаӡоит азы сцоит сҳәеит. Лакәыт Зарандиа аӷбаҿы даара дҭынчны дыҟан. Уи иҭынчра ҳаргьы иҳахәеит", - абас акәаԥ иргылоит адесант аӡхыҵра иазкны аветеран.
Имдаҭ Агәас Аԥсныҟа еибашьра ҳәа данааз 45 шықәса ихыҵуан. Иара аибашьра атәы идыруан. Ҭырқәтәыла Акоммунисттә партиа далан. Рпартиауаа 25-ҩык еицны апартизанцәа рышкол иалгеит. Аполитика бзиа ибон азы, Аԥсны аганахь сҽаласырхәуеит ҳәа иӡбаны иман. Аибашьра иалагаанӡагьы аара игәы иҭан "Аидгылара" далаларц. Аха итәылауаҩ шәҟәы еиқәшәамызт азын дзааӡомызт. Уи аиқәыршәара акыргьы дадхалеит. Анаҩс, 1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аԥсны ианақәла иџьынџь ахьчаразы Аԥсныҟа дааит.
Имдаҭ Агәас аибашьраҿы иааиарԥшыз агәымшәаразы ианашьоуп Леон иорден. Дҭаацәароуп, дынхоит Аҟәа, аԥа димоуп Аинар ихьӡуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0