Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Гәылрыԥшь араион аӡиас Ԥарнауҭ аӡыршьҭра дрыцқьоит

© Foto / АГТРКАгудзера, очистка реки Парнаут
Агудзера, очистка реки Парнаут - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2023
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аӡиас Ԥарнауҭ аӡыршьҭра арыцқьараз атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоужьуп х-миллион мааҭ инареиҳаны.
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәылрыԥшь араион аӡиас Ԥарнауҭ аӡыршьҭра дрыцқьоит.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵнариа иажәақәа рыла, Акурорт мҩаду ауааԥсыра аҭыԥантәи анапхгара рахь ашәҟәы рҩит ацхыраара рырҭарц.

"Ари кәараҷҷоуп, аха амшцәгьақәа раан алеишәа арцәгьоит, анхамҩақәа ирыҵалоит. Ари амҩаҿы 68 нхара ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 25 ҭаацәара еснагь ашәарҭара иҭанаргылоит. Аофициалтә арзаҳал анҳау ашьҭахь, анапхгара рҟынӡа инаагеит. Урҭ адгылара ҳарҭеит. Иаздырхиеит ахарџьынҵа аусурақәа рымҩаԥгаразы. Ахарџьынҵа аекспертиза иахрыжьит, аԥаразоужьразгьы аӡбара рыдыркылеит", – иҳәеит Ҵнариа.

Аӡыршьҭра арыцқьараз атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоужьуп х-миллион мааҭк инареиҳаны.
Асеиԥш иҟоу аусурақәа ԥшьышықәса рахь знык имҩаԥгалатәуп. Ҵнариа ишиҳәо ала, еснагь ахылаԥшра ахәҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0