Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион амашьынақәа рныҟәара ԥкуп

© SputnikЗатопленная дорога в Гагре
Затопленная дорога в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА Гагра араион иаҭаауа рҽааныркыларц рабжьыргоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Бзыԥҭатәи авокзал иахьаҵанакуеи, Пицунда абжьаларҭеи, Гагреи амашьынақәа рныҟәара ԥкуп, абри атәы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Sputnik иазеиҭарҳәеит.
Аҳәынҭавтогәаҭара аҟәша аусзуҩцәа амҩан аныҟәара мҩақәырҵоит.
Бзыԥҭатәи аҩхаа 12-тәи акилометр аҟны аӡымҭҟьар алеира иахҟьаны Риҵаҟа амҩа аркуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭ парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Иара иҳәеит, илеиз аӡымҭҟьар иахҟьаны амашьынақәа рныҟәара шуадаҩхаз, амҩа шыршәаҳаз. Аҭыԥахь идәықәҵоуп атехника ҷыда, амшцәгьа ахҟьаԥҟьа аԥыхразы.
Ԥхынгәы 9 рзы Гагра араион ақәаршҩы ӷәӷәа леит. Уи иахҟьаны ахатәы ҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩадуқәа рыҟны аныҟәара уадаҩхеит.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә гәаҭаратә маҵзура аҟазауаа гагратәи аиқәырхаҩцәа рыцхыраараз ишьҭуп, иаҭаххар ауаа алгахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0