Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Мгәыӡырхәа ақыҭан 300 ҭӡы инареиҳаны ӡыла еиқәдыршәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Абхазии Аслан Бжания осмотрел ход строительных работ водопроводной магистрали в селе Мгудзырхуа
Президент Абхазии Аслан Бжания осмотрел ход строительных работ водопроводной магистрали в селе Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2023
Анапаҵаҩра
Аинвестпрограммала Мгәыӡырхәа ақыҭан аӡымҩангага ашьҭаҵара иазоужьын 50 миллион мааҭ.
МГӘЫӠЫРХӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Мгәыӡырхәа ақыҭан аӡымҩангага ашьҭаҵара аус шцо днеины игәеиҭеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба атәыла ахада изеиҭеиҳәеит иахьатәи аамаҭзы 23 километра аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шышьҭарҵахьоу, ишдыргылахьоу 500 куб зкуа аӡеизакырҭа.
"Аусурақәа иазгәаҭаз аҽҳәара иаԥыганы имҩаԥысуеит. Аилаӡаратә ҿҳәараҟынӡа хәбаҟа мзы шагу аусурақәа хыркәшахоит. Уи мызки бжаки рышьҭахь ауп. Апроект анагӡара ашьҭахь 300 ҭӡы инареиҳаны аӡы роуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Агрба иҳәеит ақыҭаҿы 340 ҭӡы шыҟоу, аха иаанхаз аҩнқәа рахь асовет аамҭазы аӡы шнаргахьаз.
Иара абри аҩыза аусурақәа мҩаԥысуеит Жәандрыԥшь ақыҭаҿгьы. Ара 30 километра аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьҭарҵахьеит ҳәа иҳәеит Агрба.
Аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ҭрыжьуеит Гәдоуҭатәи азауад аҿы. Дара хаҭабзиаралагьы иҳаракуп ҳәа иҳәоит Агрба.
Гәдоуҭа араион аҿы Аинвестпрограммала ақыҭақәа ӡыла реиқәыршәара аус иаҿуп 2021 шықәса раахыс. Мгәыӡырхәеи Жәандрыԥшьи рыдагьы аӡы неиуа иҟарҵоит Абӷархықәи Ҟәланырхәеи. 18-километра иҟоу аӡымҩангага Хыԥсҭа ақыҭаҟынтә иааргоит.
Мгәыӡырхәа ақыҭа ахада Беслан Агрба атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит ауааԥсыра акыршықәса аӡы ишазԥшыз.
Убри аан иҳәеит 3-4 ҭаацәара аӡы рмоур шалшо, аха уи азҵаара рыӡбраны ишыҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0