Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаара АҩАР алеишәатә ԥҟаԥҵәа ариашарақәа аланагалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Кабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра алеишәатә ԥҟаԥҵәа ашьақәырӷәӷәаразы ариашарақәа аланагалеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа алеишәатә лахьыҭара аҭагылазаашьа ҳәаақәнаҵеит.

Алеишәатә лахьыҭара шьақәыргылазароуп аиҳабы аусзуҩ ибыргәым иумҭа атәы аниаҳа ашьҭахь жәамш ирхымгакәа.

Амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥыргозар ма ашьаус хацыркызар – агәаҭара анхыркәшаха ашьҭахь мызкы иахымгакәа.
Аҩызаратә ӡбарҭа азыҳәаҟаҵарала алеишәатә лахьыҭара аиура ҟалоит ари аҩыза аӡбра анынашьҭха арыцхә инаркны.
Алеишәатә лахьыҭара залыршахом аумҭа аҿҳәара фымз реиҳа ахылахьазар.
Ақәҵара ахылаԥшра Аԥсны АҩАР иадҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0