Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ача ахәԥса шьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраХлеб. Архивное фото.
Хлеб. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ачеи ачашылеи рыхәԥса аҭышәныртәаларазы ақәҵара аднакылеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ача еизакрылеи акакалеи аҭираз ахәԥса хыхьтәи аҩаӡара шьақәнаргылеит.
Иреиҳау асорт иаҵанакуа, кьылак иҟоу ача ахә 50 мааҭ, 0,6 кьыла иҟоу - 30 мааҭ.
Аҩбатәи асорт иаҵанакуа, кьылак иҟоу ача ахә 47 мааҭ, 0,6 кьыла иҟоу - 28 мааҭ.
Ақәҵараҿы иазгәаҭоуп ачаӡраан аӡа ахәԥса 10% еиҳаны еиҭакхар, Аҳәынҭстандарт азин амоуп ачахә ҿыц азы акоеффициент шьақәнаргылар, аха уигьы 10% еиҳамкәа.
Иара убасгьы ақәҵарала ачашыла аҭиратә хәыцҵа шьақәыргылоуп, иара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь алагалараан аҳазатә хәыԥса иаҿырԥшны 15 % ахышәаҵышәала.
Ажәабжьқәа зегьы
0