Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны "хышәк" апринцип ала ахырхарҭарацәатә центрқәа аԥырҵар алшоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сессия Парламента
Сессия Парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2023
Анапаҵаҩра
Азакәан апроект иҟоу асоциал-економикатә ҭагылазаашьақәеи, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҭареи, аизыҟазаашьақәа рыҿиареи ирықәшәоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент азакәан апроект "Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҭаразы" актәи аԥхьарала иаднакылеит.
Азакәан апроект "Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҭаразы" аус адулоуп атәылауаа административтәи абиурократизмтәи қәыӷәӷәара ирымоу аиҵатәразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара азеиԥш концепциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла аекономика аҿиареи аинвистициақәа радыԥхьалареи рзы, хаҭала аус зуа азакәанԥҵара аиӷьтәрала ҳәа аҳәоит аилыркаагатә шәҟәаҿы.
Азакәан апроект аилазаара 24 хәҭаҷ еидызкыло ф-хык рыла ишьақәгылоуп.
Адокумент инақәыршәаны Аԥсны иаԥырҵар алшоит "хышәк" апринцип ала ахырхарҭарацәатә центрқәа.

"Асеиԥш иҟоу ацентрқәа аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҭара аамҭа дыркьаҿуеит, агәаранқәа еиҵартәуеит, атәылауаа аҳәынҭқарратә мчра аусушьа еиҳа иргәанарԥхоит, иара убасгьы амаҵзурақәа риура аус армариоит", - аҳәоит адокумент аҿы.

Ԥхьаҟа ацентрқәа аелектронтә формала амаҵзурақәа мҩаԥыргалар алшоит. Ацентр еиҿнакаауеит атәылауааи анагӡаратә мчра аусбарҭақәеи реинырра, иара убасгьы дара аусбарҭақәа рыбжьарагьы русеицура.
Атәылауаа ацентр ахь идҵаалалоит ҩынтә: амаҵзурақәа роуразы адокументқәа рнагараани амаҵзура аиураани.
Ацентрқәа рнапынҵа хадақәа:
аҳәынҭмаҵзурақәа риуразы азыҳәаҟаҵаҩцәа рзыҳәақәа рыдкылара,
азыҳәаҟаҵаҩцәеи аҳәынҭусбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәеи, иара убасгьы аҳәынҭмаҵзурақәа рыҭара иалахәу аиҿкаарақәеи реинырраан азыҳәаҩцәа ринтересқәа ирыҵагылоит,
азыҳәаҟаҵаҩцәеи, аҳәынҭусбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәеи реинырраан аҳәынҭусбараҭқәа ринтересқәа рыҵагылара,
азыҳәаҟаҵаҩцәа ацентр аҿы аҳәынҭмаҵзурақәа рыҭара аԥҟара дырдырра иара убасгьы аҳәынҭмаҵзурақәа риура иадҳәалоу азҵаарақәа рзы адыррақәа рыҟаҵара,
аҳәынҭмаҵзурақәа шрыҭоу азы азыҳәаҩцәа адокументқәа рыҭара.
Ажәабжьқәа зегьы
0