Урыстәыла

Қырҭтәыла ауаԥс жәлар ирыдҟанаҵалаз агеноцид азы ашьаус 300 том иҟоуп

© Sputnik / Виктор Панов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦхинвали после разрушений
Цхинвали после разрушений - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2023
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла 2008 шықәса нанҳәа 8 азы аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа "Град" рыла Аахыҵ Уаԥстәыла иажәлеит, ареспублика аҳҭнықалақь Цхьынвал ахәҭак дырхәашеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Қырҭтәыла 2008 шықәса раахыс ауаԥс жәлар ирыдҟанаҵалаз агеноцид азы ашьаус 300 том иҟоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла апрокурор хада Григори Собаев ареспублика ахада Алан Гаглоев даниҿцәажәоз.
Иара иҳәеит ари аус иалаҟьышьу зегьы рыԥшаара шрылаҳәо, уи азы ауснагӡатәқәа шымҩаԥысуа.
"2008 шықәса раахыс аусҭҵаара мҩаԥаагоит, 300 том аматериал еизгоуп. Ҳтәылауаа иахьа уажәраанӡагьы аԥсыжырҭақәа аадырԥшуеит. Уахь аҟазауаа неины аекспертиза ҟарҵоит аԥсыбаҩқәа зтәыз рхаҭара ашьақәыргыларазы. Ицәырҵуеит аҭагылазаашьа ҿыцқәа, аиакәым иақәшәазгьы, иара убас атәылауаа ирыҭаз аԥхасҭа ахәшьара шьақәдыргылоит", - иҳәоит Собаев.
Ауаԥс жәлар агеноцид рзура аганахь ала ашьаус далахәыланы дшьоуп Қырҭтәыла усҟантәи ахада Михаил Саакашвили, иара убасгьы 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа ирылахәыз ахаҿқәа.
Қырҭтәыла 2008 шықәса нанҳәа 8 азы аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа "Град" рыла Аахыҵ Уаԥстәыла иажәлеит, ареспублика аҳҭнықалақь Цхьынвал ахәҭак еилыԥырххааит. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра хьчо ар ареспубликахь иаланагалеит, хәымш рышьҭахь ақырҭуа ир атәыла иалырцеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0