Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Приморское ақыҭан аихамҩацҳа аҵыргәаҭӡы еиҭашьақәдыргылоит

© Foto / АЖДПодпорные стены железнодорожного моста восстановят в селе Приморское
Подпорные стены железнодорожного моста восстановят в селе Приморское  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан аихамҩацҳа аҵыргәаҭӡқәа ԥшьба еиҭашьақәдыргылоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Амиран Лагәлаа.
Ацҳа амҩақәа 72-тәи ркилометр аҿы иҟоуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны аҭӡы аилабгара иалагеит.

"Амшын аганахьала аҭыӡқәа ҩба ҵыӡәӡәаауп, аҽа ҩба бгеит. Уажәы урҭ шьаҭанкыла иргылатәуп. Ахарџьынҵа 11 миллион мааҭ, АЕ аусбарҭа ахатә ԥарақәа рҟынтәи", - иҳәеит иара.

Аусурақәа ирыдыԥхьалоуп: аекскаватор, аихамҩатә платформа, автокран, абетонҭыгага, жәаҩык аҟазауаа.
Лагәлаа иажәақәа рыла, аусурақәа нанҳәа 20 шыҟоу ирылгароуп. Уажәазы 20 метра иҟоу ҩ-ҭӡык ҭарҭәоуп.
"Аусурақәа шцогьы адәыӷбақәа мҩасуеит, урҭ ари амҩахҵәаҟны рныҟәашәа иагдырхоит. Адгьыл ахымҩаԥгашьа еиҭакым", - иҳәеит иара.
Лагәлаа иажәақәа рыла, Приморское аҽа аихамҩатә ҭыԥқәа ҩба уашәшәырроуп ҳәа, уи азҵаарагьы ӡбатәхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0