"Алԥха-агәыԥха шәымаз": Аираа рныҳәараҿы аҭацацәа рроль

© Foto / Эсма ТодуаАныҳәаҩ Таисиа Ласариа-Аиба
Аныҳәаҩ Таисиа Ласариа-Аиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2023
Анапаҵаҩра
Аираа ажәлантәқәа рныҳәара шыҟалази, уи иамоу аҵаки дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуа.
Есышықәса уажәаанеиԥш аижәлантә Аираа рныҳәара сынтәагьы игәырӷьаҵәа иаԥылеит. Мчыбжьык аԥхьа "Аиба инцәахә" ихьӡала аџьмашьтәа агәи агәаҵәеи, ачаџьи (ачаџь рӡӡом, акәац ахьжәуа иаларжәуеит) кны, дара рабиԥара ахьҭыҵыз, рҭоурыхтә дгьыл аҟны, рныхахә ахьыҟоу, 800 шықәса иреиҳау аџьҵла ахьгылоу аныҳәара мҩаҧыргеит. Уи зхы алазырхуа ахацәазаҵәык роуп. Ари ааҩс, иацааиуа амҽышазы аныҳәара мҩаԥыргеит дара уажәы иахьынхо ақыҭа Уаҭҳара, Баҽа аҳабла. Араҟагьы ихадароу аныҳәара мҩаԥызго ахацәа роуп, аныҳәарҭа ҭыԥ ахь Аираа рҭыԥҳацәеи рҭацацәеи неиӡом. Аха, иахьа салацәажәар сҭахуп урҭ инарыгӡо ароль ари аныҳәараҿы. "Аԥҳәыс илхымҟьо акагь ыҟаӡам" ҳәа шырҳәо еиԥш, иара аныҳәара ахаҭа зыхҟьазгьы лара лоуп.
Аираа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2018
Аираа рныҳәара
"Аӡӷаб (Аииԥҳа. – Е. Ҭ.), абас, убри адәы дықәсны дышҩеиуаз, Аҭараа рахь, ланшьцәа Аҭарбақәан, убырҭ рахь дышцоз, амшцәгьа ҵысит, идыдит-имацәысит. Абас аҩада даман ихалеит, дагеит. Дрынаҭомызт. Убри дрынаҭаразы аныҳәара мҩаԥыргеит. Усҟан Анцәа рашәа ҳәа иҟан, убри ҳәо дылбааргеит. Убри ашьҭахь аҿаҭахьа рықәырҵеит, абри аҭыԥ аҿы есышықәса аныҳәара шыҟарҵало ҳәа. Убас иаауеит, адуқәа ирҳәоз оуп, ишаҳдырбаз, убас ҳаргьы иҟаҵо ҳааиуеит", - ҳәа аныҳәара шыҟалаз атәы еиҭалҳәоит Аираа рҭаца, Таисиа Ласариаԥҳа.
Аҳәса аныҳәара зду ҳәа ҩнаҭа-ҩнаҭала есышықәса еиҭнырыԥсахлоит, цуҭацыԥхьаӡа иҟарҵоит. Сынтәа Аираа рҭыԥҳацәеи рҭацацәеи еизеит Таиса Аиба-Ласариаԥҳа лыҩнаҭаҿы. Лара лоуп ныҳәаҩысгьы ирымоу.
"Абри ахацәа ҩахьхьи иныҳәаны ишаалгаз адырра анҳарҭалак, ҳаргьы абра аныҳәара ҳалагоит: ҳкәытқәа, ҳаилаџь, ачашәқәа, акәакәарқәа, аҩы-цқьа – абарҭ рыла ҳаргьы ҳхы ҳныҳәоит алԥха-агәыԥха ҳаманы ҳәа", - лҳәоит лара.
© Foto / Есма ТодуаАираа Рныха
Аираа Рныха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2023
Аираа Рныха
Ахацәа анныҳәо акәаци абысҭеи аџьыкхыши заҵәык ракәзар аишәа иқәырҵо, аҳәса аныҳәараҿы иадыргало ихадароу ачысхкқәа иреиуоуп: акәакәарқәа, акәтыжь, абысҭа, ачашә, ацха-ӡҩа, ахарҵәы-ӡҩа, ацха, ахарҵәы, дара абарҭ роуп аишәаҟны иқәдыргылогьы. Нас ахацәагьы рныҳәара мҩаԥганы ахәылԥаз аҭыԥ аҟынтәи ианылбаалак аҳәса иахьымҩаԥыргогьы инеины "алԥха-агәыԥха шәымаз" ҳәа ирықәныҳәоит. Ус иахәҭоуп рҳәоит.
© Foto / Есма Тодуа Ажәлантәқәа Аираа рныҳәара мҩаԥызго аныҳәаҩ Анатолии (Баграт) Аиба.
Аираа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2023
Ажәлантәқәа Аираа рныҳәара мҩаԥызго аныҳәаҩ Анатолии (Баграт) Аиба.
Ажәабжьқәа зегьы
0