Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа Гәдоуҭа араион ашколқәа рҭагылазаашьа атәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа Гәдоуҭа араион ашколқәа рҭагылазаашьа атәы
Анапаҵаҩра
Аҵарашықәс ҿыц рышҽазыҟарҵо, ашколқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, инықәырԥшны шаҟаҩы ахәыҷқәа ирзыԥшу актәи аклассқәа рахь, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, Гәдоуҭа араион аҿы сынтәа актәи акласс ахь инеираны иҟоуп 350-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, иҳәеит араион аҵараҟәша аиҳабы.
"Нанҳәа 20 инаркны иаҳа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара шьақәгылоит, усҟан иаҳҳәар ҳалшоит шаҟаҩы ашкол ахь ицо. Уажәазы ашколқәа рҿы џьара ак шәтәума, атранспорт аҭагылазаашьа гәаҭаны, ҳамч ахьынӡалшо ацхыраара рыҭара ҳаҿуп. Цәыббра аказы ахәыҷқәа ишахәҭоу иҳадаҳкылартә аҭагылазаашьа аԥҵахоит", - иҳәеит Ҳаразиа.
Иара иазгәеиҭеит, ақыҭа школқәак рҟны сынтәа актәи акласс ахь ирышьҭуа ахәыҷқәа шыҟам, уи уа инхо ҽаџьара иавганы иахьырго аҟынтә акәӡам изыхҟьо, ауаа рыҟамзаара шакәу. Убасгьы Ҳаразиа иҳәеит ақыҭа аҟны еиԥш ақалақь аҿгьы ашколқәа рҟны арҵаҩцәа шазымхо аматематика, афизика, ахимиа уҳәа амаҭәарқәа рыла. Ақыҭақәа рҟынтәи ахәыҷқәа ақалақьтә школқәа рахь рныҟәара азҵаарагьы далацәажәеит Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0