Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьниаԥҳа еиҭалҳәеит Алиса Гыцԥҳа еиҿылкаауа амузыкатә еицлабра иалагалоу аԥсахрақәа

Џьниаԥҳа Гыцԥҳа еиҿылкаауа амузыкатә еицлабразы: афилармониазы аимидж проектқәа иреиуоуп
Анапаҵаҩра
Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцԥҳа Аԥсны еиҿылкаауа Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа жьҭаарамза 15 инаркны 26 рҟынӡа. Аицлабра Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазкхоит. Аҩбатәи Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра аиҿкаашьа иалагалоу аҿыцрақәа, уи иадҳәалоу ахьӡ ҿыцқәеи, алахәцәа ирзаатуа алшарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.
"Аицлабра ахьӡ аҽаԥсахит. Сынтәа, Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлаброуп Алиса Гыцԥҳа имҩаԥылго. Уи ала еилукаауеит аицлабра аформат аҽшарҭбааз, ашәаҳәара адагьы иҟалоит даҽа номинациақәак, аинструменталтә ансамбль иадҳәалоу. Аҽарҭбааит ажиури иалоу рхыԥхьаӡарагьы, сынтәа уи иалоуп 10-ҩык еицырдыруа амузыкантцәа", - лҳәеит Џьниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониазы Алиса Гыцԥҳа еиҿылкаауа Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра аимиджтә проектны ишыҟоу.
"Ҳәарада, аимидж проектқәа ирыҵанакуеит, избанзар афилармониа азал иамаӡам ус еиԥш ашьцылара есыҽны аконцертқәа рымҩаԥгара, иаҳҳәап, аклассикатә музыка иадҳәалоу. Аконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны есыҽны ашьыжь инаркны хәылбыҽханӡа аклассикатә шәаҳәаҩцәа рықәгыларақәа мҩаԥысуеит", - лҳәеит Џьниаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0