Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

8-9-тәи аклассқәа рзы Урыстәылантәи арҵагашәҟәқәа Аԥсныҟа иааргеит

© Foto / Министерство просвещения РАУчебники для восьмого класса
Учебники для восьмого класса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2023
Анапаҵаҩра
Арҵагашәҟәқәа рыҭара иалагоит цәыббра 19 инаркны Аҵара аминистрраҟны.
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. 8-9-тәи аклассқәа рзы Урыстәылантәи арҵагашәҟәқәа Аԥсныҟа иааргеит Урыстәыла Аҵара аминистрра адгыларала.
Аԥснытәи ашколқәа аурыс бызшәеи алитературеи, алгебра, Урыстәыла аҭоурых, азеиԥш ҭоурых рзы арҵагақәа рзеихыршоит.
Зынӡа ареспубликахь иааргеит 32 749 шәҟәы.
Аԥсны иҟоу 153 школ аишьҭагыла ҳасабла, арҵагашәҟәқәа рырҭоит Аҵара аминистрра ашьҭаҵарҭаҟынтәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0