Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Афонд амазара аимҵәаразы аусеилыргара аӡбарҭахь идәықәҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание репатриации
Здание репатриации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Анапаҵаҩра
Аусеилыргара ала игәҩароу ахаҿқәаны иқәгылоуп: Аԥсны арепатриациа ԥыхьатәи аминистр Дбар Беслан, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара "РемСтрой2012" адиректор Лакербаиа Амиран, Ақаҩба Денис, Ахба Заур, Ԥшанаа Давид, Ҵәыџьԥҳа Иана.
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Афонд амазара аимҵәара аганахьала аусеилыргара аӡбарҭахь идәықәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада.

Ари аусеилыргараҿы иаарԥшуп анапхыцәгьара аҳасабала амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала ззеиԥш еицҵалыҵ 62,6 млн инаӡо амазара аимҵәара иадҳәалоу аепизодқәа быжьба.

Аусеилыргара ала игәҩароу ахаҿқәаны иқәгылоуп: Аԥсны арепатриациа ԥыхьатәи аминистр Дбар Б.А, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара "РемСтрой2012" адиректор Лакербаиа А.Г., арепатриациа Афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Ақаҩба Д.Р., Ареспубликатә унитартә Наплакы "Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа" адиректор Ахба З.В., АУН "Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа" анџьныр Хада Ԥшанаа Д.Х., хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ҵәыџьԥҳа И.Д.
Апрокуратура Хада адыррала аԥареимҵәара мҩаԥыргон 2013 - 2019 шықәсқәа рзы:
2013 шықәса азы – Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара аҿы иарбан зеицҵалыҵ 169 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа;
2017 шықәсазы – "Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара азы анардкыларатә еиқәшаҳаҭра иарбаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 29 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡон;
2017 шықәсазы – Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭа, Далтәи амҩа ала иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа аҿы игылоу аҩнқәа №7, 8, 9 аҿы аиланхарҭа ҩынқәа рыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы иарбан 18, 9 миллион мааҭ;
Иара убасгьы Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара азы иарбан 3.2 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡо арепатриациа Афонд иатәу аԥаратә хархәагақәа;
Аӡхагаларатә станциа (Маҷара ақыҭа, Далтәи амҩа, аҩны №1; №2) аҭахкааратә шьақәгылага аргыларазы иарбан 203 нызқь мааҭ.
Иарбоу ацәгьоурақәа рзы игәҩароу ахаҿқәа ирыду ахара иақәшаҳаҭӡам. Апрокурор хада ахарадҵатә лкаа шьақәирӷәӷәеит, аусеилыргара Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь ахыркәшаратә лкаа азуны, анаҩстәи ахәаԥшразы идәықәҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0