Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион абиуџьет апрофицит 190 миллион мааҭ ҟалеит ашықәс ҳҭалазар

© SputnikАдминистрация гагры
Администрация гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2023
Анапаҵаҩра
Арҭ аԥарақәа асоциалтә усхк азҵаарақәа рыӡбареи аобиект ҿыцқәа рыргылареи ирзырхахоит.
АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Гагра араион абиуџьет апрофицит 190 миллион мааҭ ҟалеит ашықәс ҳҭалазар ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба.
Иара иажәақәа рыла, акурорттә сезон қәҿиарала иахьымҩаԥысыз инадҳәаланы иҳауит арҭ аԥарақәа, урҭ ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, аспорттә ҽазыҟаҵарҭақәа рыргылараз, агәабзиарахьчара, акультура, акапиталтә ргылара рықәхарџьра ҳагәҭакуп.
Агрба иҳәеит Гагра макьанагь акурорттә сезон шыҟоу, аԥсшьарҭатә обиектқәа зегь шамахамзар ишҭәу. Иара иажәақәа рыла, атуристцәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәаз ауснагӡатәқәа ишырзыԥшу.
Ажәабжьқәа зегьы
0