Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Днепр аеродром аҟны итәаз украинатәи аимадаҩцәа ҭадырхеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка экипажей танков Т-90 "Прорыв"
Подготовка экипажей танков Т-90 Прорыв - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит Днепртәи аобласт, Днепр аеродром аҟны итәаз украинатәи арадиотехникатә гәыԥ, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, Харьковтәи аобласт аҟны иҭархан УАМ иатәу амеханизациа зызу 66-тәи агәыԥ.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа хԥа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 67.
Купиантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иаанкылан УАМ ажәыларатә гәыԥқәа фба, иҭархан украинатәи ажәылара-аԥшыхәратә гәыԥ. Ари ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 50-ҩык аруаа, акәылӡымашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Спецназ РФ применяет беспилотники ZALA в ходе спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Амшын еиқәа аӡымҽхак иахыԥраауаз аԥырҩы дызҭам америкатәи ахархәагақәа азгәаҭан
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла аӷа ируаа 180-ҩык ихәызи-ишьызи ҳәа ашәҟәы иарбоуп, иара убас иҭархан акәылӡымашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иаанкылан УАМ ажәыларатә гәыԥқәа хәба, амеханизациа зызу 28-тәи, 31-тәи агәыԥқәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа еилаԥыххаан. Иааидкыланы аӷы ицәыӡит 410-ҩык аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, амашьынақәа хԥа, ицҟьан ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Акация", агаубица "Мста-Б", иара убас Д-30, Д-20.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит 155-ҩык асолдаҭцәа, амашьынақәа хԥа акәылӡымашьынақәа ҩба. Запорожиетәи ахырхарҭаҿы иҭархан 55-ҩык аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, амашьынақәа хԥа, артиллериатә шьақәгыла М-777, агаубица Д-30, аџьыԥҳанышьҭаҵарҭа. Херсонтәи ахырхарҭаҿы -20-ҩык украинатәи аруаа, амашьынақәа ҩба.
Ажәабжьқәа зегьы
0