Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа аерман культуреи абзазареи рфестиваль "Амшен" иҽалаирхәит

© Foto / Пресс-служба Президента АбхазииАслан Бжания посетил праздник "Амшен"
Аслан Бжания посетил праздник Амшен - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Анапаҵаҩра
Афестиваль апрограмма иарбоуп: амилаҭ чыс агьамабара, амшенаа рыбзазаратә маҭәахәқәа рцәыргақәҵа, Аԥсны арҿиаратә коллективқәа рықәгылара.
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан имҩаԥысуа аерман культуреи абзазареи рфестиваль "Амшен" иҽалаирхәит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны ҳара иаку жәларык реиԥш ҳаҟоуп, ҳбызшәа, ҳкультура, ҳдинхаҵара рҷыдарақәа ирыхьмырԥшыкәа, ҳара зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳатәылауаауп, иаку аҭоурыхи иаку алахьынҵеи ҳаидыркылоит", - иҳәеит иара.
Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспубликаҿы аус шыруа аерман школқәа, урҭ атәыла акультура аҿиараҿ рлагала шдуу.
Иара убасгьы иҳәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ шрыхҵоу Мархьаултәи ашкол адиректор Ева Кеиан, Амжәықәхәатәи ашкол аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Вартуш Хамалиан, Иашҭхәатәи ашкол №2 афизика арҵаҩы Феликс Џьидариан.
Аԥсны инхо аерманцәа традициала имҩаԥырго аҽаҩра аныҳәа мҩаԥысит абҵара 7 азы Алаҳаӡы ақыҭаҿ. Арахь иааиит аерман уаԥшь ахаҭарнакцәа, асасцәа. Ауснагӡатә рхы аладырхәит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа, адепутатцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0