Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аԥарашәаратә система АԤРА жәымзтәи аоперациақәа 26,3 миллиард мааҭ иартәеит

© Sputnik Банковские карты Апра
Банковские карты Апра - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс иадукылозар Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система аоперациақәа рымҽхак 16% еиҳахеит.
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА 2023 шықәса жәымзтәи аоперациақәа 26,3 миллиард мааҭ рымҽхак ыҟоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Абанк.
Ареспублика аҵакыраҿы имҩаԥго атранзакциатә системаҿы АԤРА аԥарахсаалагақәа 38,4%, асистема "Мир" аԥарахсаалагақәа – 33,5%, жәларбжьаратәи аԥарашәаратә система ахсаалагақәа – 28,1% дыртәоит.
22,6% еиҳахеит урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла АԤРА асистемаҿы имҩаԥырго аоперациақәа рхышәаҵышәа (16,1 миллиард мааҭ), ахсаалага "Мир" ала имҩаԥырго аоперациақәа 8,8 миллиард мааҭ инаӡоит. Ари ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 74,8% рыла еиҳахеит.
2023 шықәса ажьырныҳәамза инаркны цәыббрамзанӡа амилаҭтә ԥарашәаратә хсаалагақәа рыла зыхә ршәаз атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә 9,9 миилиард мааҭ ыҟоуп. 2022 шықәсазы – 4,4 миллиард мааҭ.
Ахсаалагақәа АԤРА "World" зхатәу Аԥсны анҭыҵ 78 миллион мааҭ итәо аоперациақәа мҩаԥыргеит. Ари ииасыз ашықәс аан аасҭа 24 миллион мааҭ еиҳауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0