Урыстәыла

Газа иҭахаз рхыԥхьаӡара 10,3 нызқьҩык рҟынӡа инеихьеит

© Sputnik / Ахмед Закоут / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Палестине в связи с обострением палестино-израильского конфликта
Ситуация в Палестине в связи с обострением палестино-израильского конфликта - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 7, ашьыжь асектор Газа аганахь ала палестинатәи аиҿкаара ХАМАС Израиль аракетақәа рыла иажәлеит аоперациа "Потоп Аль-Аксы" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Израиль уи аҭакс аоперациа "Железные мечи" иалагеит.
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Израиль имҩаԥнаго алахысрақәа ирхырҟьаны асектор Газа иҭахаз рхыԥхьаӡара 10,3 нызқьҩык рҟынӡа инеихьеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Газа агәабзиарахьчаратә усбарҭа адыррақәа шьаҭас иааганы.
Ахәрақәа рымоуп 25 нызқьҩык.
Уаанӡа Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара аофициалтә хаҭарнак Кристиан Линдмаиер аҳәамҭа ҟаиҵахьан Газа ишазымхо ахәшәқәа, ахәышәтәырҭақәа шҭәу, зықьҩыла ахәрақәа змоу амедицинатә цхыраара шырмоуа.
Жьҭаара 7, ашьыжь асектор Газа аганахь ала Израиль аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, ауаа рацәаҩны итҟәаны иргеит. Уи аҭакс ЦАХАЛ аоперациа "Железные мечи" иалагеит. Израильтәи аруаа ракетала ижәылеит, 2,5 нызқь рҟынӡа ааха рырҭахьеит анклав аобиектқәа.
Иара убасгьы Тель-Авив аҳәамҭа ҟанаҵеит асектор амацәаз ишҭаркуа, аӡы, афымцалашара, ахәшәқәа, афатә рыҭара шааныркыло азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0