Урыстәыла

Урыстәыла аԥара ԥаршеи ҟазҵоз ауаа аанкылоуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонверт с российскими рублями.
Конверт с российскими рублями. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Анапаҵаҩра
Аԥаршеи ԥара ҟазҵоз аус руан Москва, Санкт-Петербург, Москватәи, Ростовтәи, Волгоградтәи, Белгородтәи аобластқәа, Даӷьесҭан, Ҟрым иахьрыҵанакуа.
АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik. Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылеит шықәсык ҩ-миллиардмааҭ рҟынӡа аԥара ԥаршеи ҟазҵоз ауаа ргәыԥ. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа апресс-маҵзура адырра шьаҭас иҟаҵаны.
"Урыстәылатәи Афедерациа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра алархәны иаԥырҟәҟәаауп арегионбжьаратә цәгьоуратә гәыԥ аусура, зноминал хә-нызқьмааҭ инаӡоз Урыстәылатәи Афедерациа Абанк хада абилеҭқәа реиԥш зеиԥшу, зхаҭабзиара ҳараку аԥара ԥаршеи аҭыжьра знапы алакыз. Ацәгьоуцәа ргәыԥ русура мҩаԥыргон Москва, Санкт-Петербург, Москватәи, Ростовтәи, Волгоградтәи, Белгородтәи аобластқәа, Даӷьесҭан, Ҟрым иахьрыҵанакуа", - аҳәоит апресс-маҵзура аацҳамҭаҿы.
Банк России - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2023
Урыстәыла
Урыстәыла абанк еиҭарҿыцу зқьи хәнызқьи мааҭ иҟоу ақьаадԥара ӡырнагеит
Акупиурақәа реиҳарак рҭиуан ирмаӡоу асоциалтә ҳа (даркнет) ахархәарала, арегионқәа ирыладырҵәон, иаанхаз зыгәра ргоз аахәаҩцәа ираадырхәон. Азинхьчаҩцәа имҩаԥыргаз аԥшаарақәа раан ицәырыргеит 20 миллион ԥаршеи мааҭ, аԥарақәа ркьыԥхьраз ахархәага, акомпиуторқәа, аимадаратә хархәагақәа.
Агәыԥ иалахәыз 24-ҩык аанкылоуп, аӡбарҭа аӡбрала дара ырбаандаҩуп. Ашьаусқәа хацыркуп ацәгьоуратә еилазаара аиҿкааразы, аԥара ԥаршеи акьыԥхьра, амазаара, аҭира рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0