Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иӡшьартәу агаз аагаразы аԥкаанҵа амчра аиуит

© Sputnik / Александр КряжевГазораспределительное устройство в секторе малоэтажной жилой застройки на окраине Новосибирска
Газораспределительное устройство в секторе малоэтажной жилой застройки на окраине Новосибирска - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Анапаҵаҩра
Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аенергетика аминистр Николаи Шульгинови 2023 шықәса лаҵарамзазы.
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауарқәа рыла ахәаахәҭразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра иацу аԥкаанҵа амчра аиуит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра.
Урыстәылантәи ҳреспубликахь шықәсык иалагӡаны квотала ҩ-нызқь тонна иӡшьартәу агаз ааргоит. Уаанӡа алагаларатә баџь иартәон кьылак азы ф-мааҭк.
Атауарқәа рыла аилахәҳаахәҭраз Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу Аԥкаанҵа рыдыргалеит Аенергетика аминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭрала. Аԥкаанҵа анапы аҵаҩын Москва, 2023 шықәса лаҵара 16 рзы. Аԥкаанҵаҟны Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иаарго атауарқәа рсиаҿы иарбоуп иӡшьартәу агаз.
Урыстәыла Афедералтә еизареи Аҳәынҭқарратә думеи Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иааргарц иҟало атауарқәа реиқәыԥхьаӡа аԥкаанҵа шьақәдырӷәӷәахьан. Азакәан рнапы аҵарҩит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа - Аслан Бжьаниеи Владимир Путини.
Ажәабжьқәа зегьы
0