Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Озган: Аԥсны аенергосистема ҳара ҳада аӡәгьы изныҟәгаӡом

© Sputnik / Томас Тхайцук Кристина Озган
Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра иалагеит абҵара 5 рзы. Иара атәыла мраҭашәареи атәыла агәҭеи лашарала еиқәнаршәоит.
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Аԥсны аенергетика апроблема урыстәылатәи асоциалтә цхыраара ала иузыӡбаӡом, алашара ахә шәалатәуп, абас лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Озган иазгәалҭеит 2020 шықәса инаркны 2023 шықәса актәи аԥшьбараҟынӡа Урыстәыла Аԥсны ишазаанашьҭхьо ф-миллиард мааҭ рыхә афымцалашара. Уи азы ареспублика аԥара ашәаӡомызт.
2024 шықәса актәи аԥшьбара аенергодефицит апроблема азыԥхьагәаҭахоит Аԥсни Урыстәылеи зықәшаҳаҭхьоу ауснагӡатәқәа рыплан, аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡангьы ишыӡбахо.
"Зегь раасҭа ихадоу Аԥсны аенергосистема ҳара ҳада аӡәгьы ишныҟәимго аилкаароуп. Ҳара еилаҳкаароуп афымца штауару, уи ахә шахшәаатәу. Урыстәыла ацхыраарала ҳааҟәымҵӡакәа азҵаарақәа рыӡбара залшаӡом", - лҳәеит лара.
Кристина Озган иазгәалҭеит сынтәа афымцамчхархәара 200 миллион кВт·с ишылаҟәыз ҵыԥх аасҭа, аха уи азхоны иҟам. Аԥсны аҿаԥхьа еиҭах иқәгылеит 900 миллион мааҭ рыхә афымца азымхара апроблема.
Ареспублика иаанахәеит 30 миллион кВт·с, уи иахнашәааит 135 миллион мааҭ. уажәы аҽа 200 миллион мааҭ зыхәԥса наӡо 50 миллион кВт·с аахәаразы аиқәшаҳаҭрацҵа азырхиахоит ҳәа лҳәеит лара.
Озган иазгәалҭеит ԥхынҷкәынмзазтәи адефицит азҵаара макьана ишыӡбам.
Уажәтәи аамҭазы Аԥсны лашарала еиқәдыршәоит ЕгрыГЕСи Урыстәылеи.
Подстанция Дранда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2023
Аԥсны
60 миллион мааҭ ахшәаахоит Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра
Ажәабжьқәа зегьы
0