Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиашьа иконцерт: Мураҭ Кабардоков Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы дшықәгылаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЗрители
Зрители - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2023
Анапаҵаҩра
Мураҭ Кабардоков ицықәгылоз агәыԥ "Клевер-квартет" артистцәа академиатә музыка анаҩсгьы ҳаамҭазтәи амузыкагьы ихәмаруеит, жәларбжьаратәи аицлабрақәа активла ирылахәуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акомпозитор Мураҭ Кабардокови агәыԥ "Клевер-квартети" рконцерт мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы ԥхынҷкәын 1 азы.
"Ҳара гәахәара дула Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы бзиала уаабеит ҳәа иаҳҳәоит қәрала иқәыԥшу, аха зыхьӡ хара инаҩхьоу амузыкант, ҳаиашьаратә республикаҟынтәи иаҳзааз Мураҭ Кабардоков - Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Жәлар рартист, Адыгеиа зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ, Урыстәыла Акомпозиторцәа реидгыла алахәыла", - лҳәеит Аҳәынҭфилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит Мураҭ Кабардоков - ҩажәа инареиҳаны афильмқәеи аспектакльқәеи рзы амузыка дравторуп, акомпозиторцәа рыбжьара реиҳа аҵакы змоу аицлабра "Партитура" аҿы даиааихьеит, егьырҭ аицлабрақәагьы дырлауреатуп.
"Мураҭ иқәгылараан ивагылоуп ансамбль шьахә, Санкт-Петербургтәи аконсерваториа аушьҭымҭа Игорь Ботвин еиҿикааз апрофессионалтә коллектив "Клевер-квартет". 2014 шықәсазы ианаԥҵаз аахыс арҭ амузыкантцәа жәабала альбомқәа, афильмқәеи аспектакльқәеи рзы асаундтрекқәа рыҩхьеит, жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы иаиааихьеит", - ҳәа инаҵылшьит Аҳәынҭфилармониа асахьаркыратә напхгаҩы.
Мураҭ Кабардоков иакәзар, иазгәеиҭеит Аҟәа иқәгыларала ишхиркәшо кавказтәи ареспубликақәа рҿы имҩаԥигоз агастрольқәа. Амузыкант иара убас иҳәеит агәахәара ду шизцәырнаго Аԥсны дахьыҟоу, аҭыԥантәи ауааԥсыра рҿаԥхьа дахьықәгыло.
Аконцерт аҿы Мураҭ Кабардоков ихатәы ашәақәа, академиатә рҿиамҭақәа, афильмқәа рзы иихәыцыз арҿиамҭақәа наигӡеит. Уи адагьы, ахәылԥаз апрограммаҿы иҟан афольклортә композициақәа, аурыс жәлар рмузыка.
Мураҭ Кабардоков – урыстәылатәи акомпозитор, апианист, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Жәлар рартист, Адыгеиа зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ, Урыстәыла Акомпозиторцәа реидгыла алахәыла. Александр Сокуров, Кантемир Балагов, Виктор Алфиоров, Илиа Учитель уҳәа акинорежиссиорцәа аӡәырҩы рфильмқәа рзы амузыка автор.
Ажәабжьқәа зегьы
0